Амультфильм ҿыц

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭеи «Аԥсуафильм» акиностудиеи Ашықәс Ҿыц аламҭалазы ахәыҷқәа аҳамҭа ссир рзыҟарҵеит.

Хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым амультфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи рдублиаж ҟазҵахьоу, аԥсышәала абжьы рхазҵахьоу Аԥсны жәлар рартист, акинорежиссиор Виачеслав Аблоҭиа ҩаԥхьа, ахәаԥшцәа хәыҷқәа ирыдыргалеит аҩызареи ақьиареи уҳәа реиԥш иҟоу аҟазшьа бзиақәа ахьаарԥшу, иааӡагоу, еицырдыруа, даарагьы бзиа ирбо, сериа рацәала иҟоу аурыс мультфильм.

Адублиаж автор иажәақәа рыла, амультфильм 25 сериа ыҟоуп зынӡа, аха аԥсышәала здублиаж аҟаҵара рылшаз 11 сериа роуп.

«Амультфильм алхра машәыршақә иҟамлаӡеит, асиужетқәа бзиоуп, ааӡаратә аҵакы амоуп, аиҩызара, аицхыраара, абзиеибабара уҳәа аԥсҭазаараҿы хадара злоу аҟазшьақәа рыла ихарҭәаауп. Амультфильм иалоу ихадоу аԥстәқәа ракәзар, иԥсабаратәны, рхымҩаԥгашьеи дара-дара реизыҟазаашьеи ҿырԥшыганы иаарԥштәуп. Ажәакала, ауаа рхаҿсахьа иазааигәаны иԥсҭазааратәны еибыҭоуп аԥстәқәа», – иҳәеит уи.

Фымз аус здырулоз, 11 сериа иҟоу ари амультфильм Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә фиалармониа аҟны 9-сериак ахәаԥшцәа идырбан мышқәак раԥхьа. Амультфильм ахәаԥшразы инеиз афилармониа азал дырҭәит. Амультфильм даара аинтерес зманы иахәаԥшуаз ахәыҷқәа рымацара ракәмызт, ахбыџқәагьы аиҳабацәагьы бзиа ибаны, гәахәарыла иахәаԥшуан. Ҳәарада, урысшәала иахәаԥшхьаз, изгәаԥхоз, еиҳагьы агәахәара рнамҭарц залшомызт уи уажәы аԥсышәала иахьцәажәоз. Ахәыҷқәа аҭагылазаашьа бзиа рыман, бзиа ирбоз амультфильм аперсонажцәа рхатәы бызшәала рцәажәашь­ҭыбжь раҳартә еиԥш, уи еиҳа  еизааигәанатәуан.

Амультфильм алагамҭеи асериақәа рыбжьареи аԥсышәала ашәа бжьагалоуп.

Амультфильм адублиаж аҟаҵараҿы, ихадоу арольқәа нарыгӡеит аԥсышәала абжьы ахарҵеит 8-ҩык актиорцәа. Урҭ рахьтә иҟоуп занааҭла иактиорцәамгьы. Лео ироль налыгӡеит С.Габниа, Тиг – М.Ломиа, амшә – Л.Хышба, ауарба, ақәыџьма уҳәа 3-рольк наигӡеит Р.Сабуа, аԥшӡы – А.Адлеиба, ашколхәыҷы Н.Мықәба лакәзар, акымкәан арольқәа налыгӡеит, адублиаж автор В.Аблоҭиагьы еиуеиԥшым, акымкәан арольқәа наигӡеит.

Амультфильм «Тиги Леои» адублиаж редакторс дамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниа-ԥҳа, абжьы арежиссиор – Анри Гәымба, абжьы анҵара – Алхас Марколиа.

Ҳаиҿцәажәараан В.Аблоҭиа излаҳаиҳәаз ала, Ашықәс Ҿыц аныҳәа ашьҭахь есхәылбыҽха, хаҭала, ателеканал «Абаза» ала ахәаԥшцәа хәыҷқәа сериак-сериак дырбара еиҿкаахоит.

Ҳәарада, амультфильм ааӡага аԥсышәала арцәажәара Ашықәс Ҿыц  азы аԥсышәала ахьҳамҭоу инаҷыданы, ҩы­нтә ныҳәоуп уи ахәыҷқәа рхатәы бызшәахь ирымоу агәыбылра арӷәӷәара иахьацхраауа азы. 


Алиса Гәажәба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me