Аҟаза ду иаԥхьарақәа

Ҳтәыла анҭыҵгьы збаҩхатәра еицгәарҭахьоу, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа асахьаҭыхцәа рцәыргақәҵатә залаҿ имҩаԥигеит аҿар рзы аԥхьара.

Абаҩхатәрақәа еиҵазааӡо, Аԥсуа  ҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа темас ишьҭихит «Асахьаҭыхҩи ҳаамҭазтәи  аҟазареи».

Аԥхьара иалахәын иара убас аҟазареи ажурналистикеи рфакультет астудентцәа, асахьаҭыхҩы иҟазара абзиабаҩцәа.

Иалкаатәуп, Нугзар  Логәуа иусумҭа ­ Дырмит Гәлиа ипремиа аиуразы ишықәыргылоу Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла аҟнытәи.

Аԥхьара  ахьымҩаԥысуаз  азал аҿы ицәыргақәҵан асахьаҭыхҩы иусумҭақәа 25. Зынӡа иааидкыланы, иара излеиҳәаз ала, имоуп 500 инарзынаԥшуа аҭыхымҭақәа. Иҟоуп апеизажқәа, апортреттә жанр, иалукаауеит амҳаџьырқәа ртема. Иҟоуп Нарҭаа ртема, Саҭанеи Гәашьеи, Зырҭыжәи реиқәшәара атәы ҳзырбо аҭыхымҭа.

Аҟаза дазааҭгылеит  асахьаҭыхцәа ҿарацәа акыр интересс иркышаз азҵаарақәа. Иаармаҷны ирзеиҭеиҳәеит ирҿиара мҩа, ишколқәра, истудентра, сахьаҭыхҩык иаҳасабала ишьақәгылараҿ дымҩақәызҵоз ирҵаҩцәа. Ирзеиҭеиҳәеит иара убас асахьаҭыхра инаҷыдангьы, даара ирацәаны дшаԥхьоз, зегь раԥхьаӡагьы жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа. Убри иабзоурахап  асеиԥш аԥҵамҭа ссирқәа раԥҵара илзыршаз. Аҟазара аҟәша астудентцәа рызҵаарақәа нҵәомызт. «́Аҟазара мацара улоуп ҳәа азхом, иаҭахуп ирацәаны ахы аус адулара. Иҟоуп 10-13 шықәса сзыдхало аусумҭагьы», – иҳәеит асахьаҭыхҩы.

Ац́әыргақәҵатә зал аиҳабы  Ельвира Арсалиа илҳәеит: «Еицырдыруа асахьаҭыхҩы иусумҭақәа Аԥсны, Урыстәыла, Ҭырқәт́әыла, Италиа  рцәыргақәҵараан, ахәаԥшцәа  аинтерес ду  рызцәырнагеит. Аԥсуа епос алегендартә ԥҳәыс Саҭанеи иҷыдоу аҭыԥ аанылкылоит иҟазараҟны, илшеит лыҩнуҵҟатәи лымч алкаара. Лара адунеи ашара шьаҭас дамоуп, аԥсҭазаара дагәҭылсоуп. Нарҭаа ран зегь реиҳа  бзиа илбоз лԥа Сасрыҟәа иира џьашьахәы. Иан длыӡрыжәуеит амцеи аихеи рыла, илҭоит аҩыза бзиа – иҽы Бзоу, иҟәышу, игәымш́әоу. Асахьаҭыхҩы ахәаԥшҩы изеиҭаиҳәаӡом асиужет,  асахьа зызку, уи здыруа иоуп, идырны иҿыцу аҵакқәа раартра иазхиоу. Нарҭаа репос ианыԥшӡом астиль аҩычара, аҽхәа-ҽырбара, адекоративт́ә рԥшӡара», –иазгәалҭеит лара.

Нугзар Логәуа аҿар ирҭоз азҵаарақәа зегьы рҭак ҟаҵо ирзааиртит иҭыхымҭақәа акымкәа-ҩбамкәа рыхшыҩҵак, ҳәара аҭахым асахьаҭыхцәа рзы уи мариахашт, аха исахьаҭыхҩым изы иааинырслан иузеилкаауам. Убасеиԥш дазааҭгылеит амҳаџьырра атемала иаԥҵоу иҭыхымҭа. Амшын еиқәа – аиашаз, ҳара ҳзын еиқәаҵәоуп, ҳажәлар абжеиҳарак зыхәлаӡыз, амҳаџьырраан  излаӡхыргаз Амшын еиқәа. Уи макьанагьы еиқәаҵәоуп ҳара ҳзын. Ицқьахеит ҳәа ҳҳәар  ҳалшоит иаҳцәагаз ҳашьцәа ҳзыхынҳәыр ртәылахь»– ихиркәшеит иҭыхымҭа ссир ахшыҩҵак.

Аԥхьара  хыркәшо, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа аҿар рҿаԥхьа ихатәы жәеинраалақәа дрыԥхьеит.

Ари аиԥылара аҿар рзы хәы змаӡам ҳамҭоуп. Уи рнубаалон асахьаҭыхҩы, аҟаза ду иаԥхьарақәа ирылахәыз  рхаҿқәа. Ақәҿиарақәа, арҿиамҭа ҿыцқәа аԥхьаҟагьы ирзыԥшызааит.

Аԥсны  азхазҵахьоу атәылақәа  шмаҷугьы, ҳсахьаҭыхцәа рҟазара ҳаракы рхы иархәаны Аԥсны аҳәаақәа ирхыҵхьеит. Нугзар Логәуа  иаԥхьаҟатәи ипланқәагьы ахьтәы кәалаԥ иҭаҵәахым, ицәыргақәҵақәа акыр адунеи  ишакәшахьоугьы, игәы иҭоуп иааиуа аамҭақәа рзы Швеицариа,  Италиа уҳәа рҿы ацәыргақәҵақәа аҽрылархәра. Уи  аиҿкааразы иаҭаху алшара  ҳадгылаҩцәахааит зегьы. Избанзар, ҳ-Аԥсны  аҟазара ахьирҭа ауп ҳәа  ианазырҳәа уи асахьаҭыхҩы  ихала итәым, уи ҳажәлар зегьы  ӡырнагоит. Мышьҭабзиала, иҭбаахааит ҳаԥсуа сахьаҭыхцәа  рҟазара аҳәаақәа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me