«Сара аҧсҭазаара аибарххарақәа схәыҷаахыс срылахәуп, акыр скыдырҟьахьеит, аха уи ацәқәырҧақәа сыҽрымҭакәа иахьа уажәраанӡа сааит. Ҳара доуҳала иҕәҕәоу жәларуп. Аҳәынҭқарра ашьақәыргылара ҳалшеит. Сара сыжәлар бзиа избоит, рымаҵ аура сазхиоуп. Ҳара жәларык ҳауп, ҭаацәак ҳауп, збызшәа мырӡкәа иаазгаз амилаҭ хәыҷы, урҭ жәлары наӡоуп, ахаангьы иӡуам, иҧсуам». А.Гогәуа Абас иуаажәлари ибызшәеи дрызгәдуны дрыхцәажәоит сынтәа 91 шықәса зхыҵуа ашәҟәыҩҩы ду, ауаажәларратә усзуҩы Алықьса Гогәуа.…

«Саид» аҭаара ргәаҧхоит

10 Хәажәкыр 2023 10:37
Ишдыру еиҧш, март 8 – аҳәса Жәларбжьаратәи Рымш ауп. Уи амш аҽны аҳәса рыҧшәмацәа,ры-ҷкәынцәа,рашьцәа,ранацәа,мамзаргьы ашәҭ шьыҵәрақәа рырҭоит, уи инамаданы аҳамҭақәа.

Аҟәа ахақәиҭтәразы

10 Хәажәкыр 2023 10:37
Аибашьра аҧсуа жәлар ирнаҭаз ааха хашҭшьа змам, аҭоурых адаҟьа еиқәаҵәақәа ируакуп. Иҟам аҧсуа ҭаацәарак уаҩҧсыла ари ахьаа зынмырыз. Ҩнаҭала изхьымсызгьы уалаҭахыла ргәы блит. Ус иҟоуп ахақәиҭратә қәҧара, анцәа иаҳзишеит лассы-лассы ҳҭынчра аиқәырхаразы, атәра ҳҭамшәарцаз – иааҳарҧшлароуп ахамеигӡара!

Хашҭра зқәым

10 Хәажәкыр 2023 10:35
Есышықәса жәабран ҩажәи хәба аҽны Кәтол ақыҭа уахьналало, иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟаҿы еизоит агәыҧ «Дельфин» иалахәыз аибашьцәа. Абаҟа амҵан ишьҭарҵоит ашәҭқәа, иргәаладыршәоит иҭахаз рҩызцәа. Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ргәалашәара аҿаҧхьа иааҭгыланы ихырхәеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Даур дфырхаҵан

10 Хәажәкыр 2023 10:33
Аҧсны аибашьра ианалага аҽны амра каххаа иҧхон. Зегьы русқәа ирҿын. Аҟәа ақалақь аихамҩатә вокзал ааигәара инхоз, Владислав Аҩӡба игәылара зыҧсҭазаара иалҵыз аӡәы иҩынҩажәа мшы ыҟан. Агәылацәа амаҵ руан. Убри аамҭазы Даур Аҩӡба иан даалыдгылан, ҧшьаала ус леиҳәеит: «Абыржәы, абраҟа исаҳаит 70 танк Аҧсны иалалеит ҳәа!»

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me