Ԥхынгәы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ԥсабарала ицқьоу аалыҵ

Аԥсуаа жәаԥҟаны ирҳәоит уҽыззыукуа аҽузнакуеит ҳәа. Уи знаало аҭагылазаашьақәа рацәоуп, аха еснагь ҵакыс иамоу акоуп-иагьа иуадаҩзаргьы, хықәкыла узызнеиз, уҽыззукыз аус уқәманшәалахоит.


Абри аҩыза адунеихәыԥшышьа ԥҟарас зхазы изгаз дреиуоп ақыҭанхамҩа ҩ-напыкла зҽадцаланы изырҿио сажәабжь зызку арԥыс - Ахра Какалиа. Ахра дынхоит Очамчыра араион Араду ақыҭан. Шықәсқәак раԥхьа иара иаб иџьынџь аҿы адгьыл ақәаарыхра ҳшашьцылахьоу, аџьықәреи, аҟәыд, ауҭраҭых жәлахкқәа рыла акәымкәа, адгьыл изалхуа даҽа мҽхакыки ҩаӡараки аиҭарц иӡбеит. Азнаказы напы аиркит аххыла хкқәа рымацара рааӡара. Хаҭалатәи аусдкылаҩ иҳәоит, уи акыр дшазхәыцуаз, аганқәа зегьы шкылиршәшәааз, нас дзықәныҟәаша ҳәа стратегиак шалихыз. Аџьармыкьаҿы иуоуа, ахәышәтәыгақәа аҭаны иааӡоу аҵиаахкқәа ракәымкәа, иара иҭахын адгьыл амч мацарала изызҳаз, уаҳа химиатә рҵәырак злам, ԥсабарала ицқьоу аалыҵ азырҳара. Ус иагьыҟаиҵеит.
Ахра Какалиа занааҭла декономиступ. Аҵара даналга анаҩс Аҟәа аус иуан, изанааҭ иқәманшәаланы ицааиуан. Аха, аамҭак азы иӡбоит, ақыҭа аасҭагьы дзыдҳәалаз ақалақь ааныжьны иаб иџьынџьахь ахынҳәра. Ҳәара аҭахума адгьыл ақәаарыхра, ари иааҽаны ажәла акаԥсара мацара акәым. Ахра Какалиа иҳәоит, иара аинтернет ахархәарала, онлаинла аҵара шиҵаз, ифермаҿы зааӡара азгәеиҭоз аҵиаақәа ирыҵоу акәамаҵамақәа шҭиҵааз, уи моу иара адгьыл ахаҭа аилазаашьа анаҩсгьы, уи иахәҭаку, аха ҳарҭ ҳаблала иаҳамбо абактериақәа рхымҩаԥгашьеи, урҭ ауҭраҭыхи дареи реинаалашьагьы шеиликааз. Иашьеи иаҳәшьеи рыцхыраарала иааихәеит зыхә маҷым амикроскоп, уи аниоу анышә аҭҵааразы имаз алшарақәа еиҳагьы еиҳахеит.
Ахра Какалиа иуҭраҭыхқәа рыбжьара иҟоуп аххыла иаҵәарахкқәа зегьы рнаҩсгьы анаша, апатырџьан, уҳәа дарбанзаалакгьы анхаҩы иуҭраҿы ииааӡо ахкқәа. Аха еиҳаракгьы аҭиразы ауаа ирыдыргало аххылақәа роуп. Аусдкылаҩ иҳәоит иуҭраҿы дышицхраауа игәыла уи ауалфахәы иоуеит. Иара убасгьы Ахра ивагылоуп иҭаацәа, иан, иаҳәшьа, иашьа. Рмыхәҿа еилҳәа, дара еивагыланы аус еицыруеит.
Ахра иҳәеит гәҭакыс ишимоу иҵегьы аҽырҭбаара. Уи иалнаршон аҭыԥантәи анхацәагьы радыԥхьалара, урҭгьы усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара. Ҳаамҭазы, зегьы аныхәшәырку, аиашазы иуадаҩуп агәрагара иԥсабаратәым арҵәыга зынӡа излам аалыҵ адгьыл ақәаарыхра ауеит ҳәа. Аха, Ахра Какалиа иҿырԥштәала иаҳбеит уи шалшо. Аусдкылаҩ иҳәоит иахьатәи аамҭазы адырра ҿыцқәа рырҳара иашьҭоу рзы урҭ риура зынӡа иуадаҩны ишыҟам. Избан акәзар, ирацәоуп «насҭхала» аҵара ахьыуҵаша хықәкылатәи ашколқәа. Ахра Какалиа игәаанагарала, дарбанзаалакгьы анхаҩы изы ихәарҭа дууп иҿыцу, адгьыл иазку адыррақәа риура.
«Ҳәарада, аӡәы игәы иаанагар ауеит, аԥсуа адгьыл ақәаарыхра иазкны иҿыцу изырҵо дыҟоума, мамзаргьы изымдыруа ыҟоума ҳәа. Ирацәоуп зҽызыԥсахыз, ирацәоуп иҳарҿыцша, иҳадаҳкылаша, иаҳҵаша. Адунеи аҿы имҩаԥысуа аҳауатә ҽыԥсахрақәа зегьы ирбарҭоуп, урҭ афакторқәа адгьылқәаарыхра знапы алаку инхамҩа ианымԥшыр ауӡом. Шаҟа ирацәаны ахимиатә хәшәқәа аҵиааӡараҿы ҳхы иаҳархәо убри аҟараҵәҟьа адгьыл иазеицәоу ҟаҳҵоит иҳәоит анхаҩы.
Ахра Какалиа игәаанагарала, ишнеи-шнеиуа, аамҭак азы адгьыл мчы амаӡамкәан, хәшәыда акгьы унамҭо иҟалоит. Убри аҟынтәи иааурыхуа амч азҭо арҵәырақәа раҭара угәы иҭаукзар, хархәара рзыура ауеит иԥсабаратәу аилабаақәа ирылху.
Ахра Какалиа иуҭраҭыхқәа аџьармықьахьы инаигаӡом. Аусдкылаҩ ихазы аханатә иӡбеит иферма иадҳәалоу аинформациа зегьы асоциалтә ҳақәа рҿтәи идаҟьақәа рҟны ауаа ирылаиҳәаларц. Уи анаҩсгьы, идаҟьа иаҵаҩу рхыԥхьаӡара иҵегь аиҳатәразы, иҭихуеит зҿлымҳара змоу авидеонҵамҭа маҷқәагьы. Аус рыциуеит Очамчыреи Аҟәеи ақалақьқәа рсасаирҭақәак, дара ԥсабарала ицқьоу аалыҵ аархәоит иара иҿы. Ирацәаҩуп ауҭраҭых аахәаразы идҵаало, аҿаҵа ҟазҵо анхацәагьы. Иалху амшқәа рзы машьынала урҭ ирзыргоит ирҭахыу ахкқәа. Абас ала, арԥыс илшеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны ахашәала иоуа аҟаҵара.
«Макьана ҳамҽхакқәа зынӡа имаҷуп, аха уажәшьҭа ҳардыруеит, иҳазҿлымҳауп», иҳәоит иара. Аусдкылаҩ Ахра Какалиа деилахоуп, хҭацәыхак имамкәан. Аха, адгьыл ақәаарыхразы имоу адыррақәа изҭаху анхацәа ирыцеиҩишоит. Уи азы еиҿкаан атренингқәа. Уажәы ааигәа аферма иаҭааит ААУ астудентцәа, урҭ ирбаз ираҳаз даара иргәаԥхеит. Анхаҩы ихаҭа иакәзар, иҳәоит ирласны заларҵәара хациркраны дыҟоу агәҭакқәа ишреиуоу, шықәсырацәала изызҳауа аҵиаахкқәа рааӡара.
Иара иазгәеиҭеит убасгьы, ишиҭахәу Аԥсны иахьаҵанакуа аламала иуԥыхьамшәо, адекоративтә ҟазшьа змоу ахкқәа рааӡара. Убри аан, Ахра Какалиа дацәыԥхамшьакәа иҳәоит, шықәсқәак раԥхьа игәы ишаанамгоз адгьыл абри аҟара дазыманшәалахап ҳәа. Аха, Ахра Какалиа лҵшәабзиалатәи ибизнес маҷ ахала иҟамлаӡеит. Уи иадуп аџьабаа рацәа, уи иацуп адыррақәа. Урҭ зегьы анеинаала аусдкылаҩ иҽыззикыз ахаҭагьы аҽизнакит.

Елана Лшәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me