Ԥхынгәы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны аҳәса хьӡырҳәагақәа

Абас ахьӡуп ааигәа акультуратә платформа «Гәыма» иӡыргаз ашәҟәы. Уи авторцәас иамоуп Хьыбла Возԥҳаи, Ирина Ҭурааԥҳаи.

Аӡыргарахь имҩахыҵыз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо уи авторцәа руаӡәык Хьыбла Возба илҳәеит асеиԥш аидеиа лызцәырызгаз. «Сара сышәҟәыҩҩӡам, сыԥҳа хәыҷы Адунеиаҿы еицырдыруа аҳәса ирызку аенциклопедиа санылзаԥхьа исылҭеит абри аҩыза азҵаара Аԥсны аҳәса хьӡырҳәагақәа занымзеи? – ҳәа. Аҭакс исызцәырҵит аиԥш зеиԥшу ҭыжьымҭак аиқәыршәара шаҭаху. «Сидеиа сыцеиҩылшеит, дсывагылеит ҩажәа шықәса раахыс ҩызара сзызуа Ирина Ҭурааԥҳа, лҳәеит лара.

Ашәҟәы еиднакылоитАԥсны иналукааша жәаҩаҩык аҳәса хьӡырҳәагақәа рҭоурых. Насгьы очерк – цыԥхьаӡа афотақәа рыцуп, урҭ аԥырҵеит абаҩхатәра ҷыда злоу асахьаҭыхцәа. Аԥсны аҳәса хьӡырҳәагақәа: Аԥсҳа иан Гәырандыхәт, Сариа Лакоба, Нели Ешԥҳа, Саида Гәынԥҳа, Мери Аҩӡԥҳа, Ҭамара Гыцԥҳа, Марина Ешԥҳа, Нели Ҭарԥҳа, Кьериман Ебжьноу, Мери Шервашиӡе – Чачба, Ҭамара Шьаҟрыл, Минадора Зыхәԥҳа – абарҭ зегьы апатриот иаша ҳәа ззырҳәоз ракәын, аԥхьагылара иацәымшәаз, егьа уадаҩра ирыниазаргьы зхықәкы назыгӡаз. Абааш хьыҵәцараҿы ҳаиқәзырхарыда ҳәа иԥшыз иреиуамызт, рымала рхы иахәеит, рыԥсадгьылгьы иахәеит. Анцәа ирылаиҵаз рбаҩхатәра, рымч-рылша рыуаажәлар ирыцеиҩыршеит.

Иҟоуп злахьынҵа зцымныҟәаз, реиҳарак рнысымҩа шәҭыла ихҟьамызт, аха ус шакәугьы ргәы еицамкит, рымҩа ианымҵит.

Исҭахын абри ашәҟәаҿы раԥхьатәи аԥсуа поетесса Нели Ҭарԥҳа илызку аочерк аҟнытә цәаҳәақәак   аазгар: «Нели лхы инаркны лшьапаҟынӡа аԥҳәыс лыхаара лылыжжуеит, аха убри аамҭазы акәиц даҩызоуп ҟазшьала. Ахаҵа длыҵашьыцыртә дгәымшәоуп. Апоетесса лыжәлар рхьаа лхьаауп.

Ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа рзы Нели днарыԥхьеит Қырҭтәыла ашәҟәыҩҩцәв реидгыла еиҿнакааз ахәылԥаз ахь. Ахәылԥаз иалахәын Қырҭтәыла анапхгара реиҳараҩык.

Азал ду унацәа узрыламҵо еизаз рыла иҭәын. Нели лгәы ҭагылом – илҳәарц илҭаху лажәақәа лыжәлар реиԥш лара лхаҭа лызгьы ахьҟьаԥҟьақәа рылҵыр ҟалоит. Нели ажәа анлырҭа, далагоит қырҭшәала ацәажәара. Аԥхьаҵәҟьа  анапеинҟьабжьқәа азал ҩындырҭәаазаргьы, нас иҭынчрахоит… Нели лыжәлар риаша еиҭалҳәоит. Аԥхьа итәаз асасцәа дахьқәа рхырҿқәа хаҳәхоит. Ари ақәгылара ахаҵамԥҳәыс ззырҳәо аԥсуа ԥҳәыс илықәгыларан, усҟантәи Қырҭтәыла анапхгара рзын иааха ӷәӷәан. Иџьашьатәын аромантикатә жәеинраалақәа зыҩуа аԥҳәыс лзы абриаҟара агәымшәара».

Ашәҟәы аӡыргарахь иааиз рҿаԥхьа ажәа иҳәеит уи аҭыжьраҿы ирыцхрааз, ашәҟәы аредактор Д.Гәлиа ипремиа алауреат, апоет Владимир Занҭариа.

«Ари ашәҟәы зеиӷьаҭам ҳамҭоуп зхатәы ҭоурых иазҿлымҳау аҿар рзын. Аизга иагәылалеит ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи, жәлар рдипломатиеи, анаукеи, аҟазареи, аспорти амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи, ампыҵахалаҩцәеи рҿагылареи рҿы зышьҭамҭа еилыхха инзыжьыз аԥсуа ҳәса нагақәа рнысымҩа – биографиақәа.

Сгәанала Хьыблеи Иринеи иаԥырҵаз ҳафрыҳәсақәа рхаҿсахьақәа угәалашәараҿ инхартә ичаԥоуп, иоригиналтәуп. Игәхыҭ-хыҭгоу аҳәса рҭоурыхқәа цәыргатәын алитературатә лакәи аессеистикеи ржанрқәа еиҿыбааны. Уи мариамызт, аха авторцәа рымч акәхеит. Ирҿиоуп ахаҿсахьақәа ргалереиа ҟаимаҭ, уи иагәылсны ицоит ахақәиҭразын шәышықәсала ақәԥара иаӡрыжәхьоу Аԥсны ашҟа агәыблыра ду. Драматизм згым ҳтәыла аҭоурых аҿы аӷьеҩҳәа иаацәырҵуан агәаӷь ӷәӷәа зызҭаз аҳәса ԥхьагылаҩцәа. 1992-1993 ш.ш. азы ҳарҭ лабҿаба иаабеит аԥсуа ҳәсақәа иаадырԥшуаз агәымшәареи ахамеигӡареи.

Ари апроект иацҵахоит, уаҟа аҭыԥ ааныркылар алшоит егьырҭ амилаҭқәа иреиуоу иналукааша, Аԥсынтәыла инхо аҳәсақәагьы. Абаҩхатәреи, агәымшәареи милаҭеилых рыздырам», азгәеиҭеит Владимир Занҭариа иқәгылара хыркәшо.

Ирина Турааԥҳа лықәгылараҿ иҭабуп ҳәа ралҳәеит ашәҟәы иагәылоу асахьа ссирқәа ҭызхыз аҟазацәа: Баҭал Џьапуа, Архип Лабахәуа, Аԥшьа Ҳагба, Миранда Кьышьмариа, Ольга Дружинина, Ианна Пинчук, Диана Нарманиа, Дамеи Адлеиба, Алеқсандр Боиаџьан, Асҭанда Ԥкьын, Витали Жестков. Иара убас аҭыжьра алзыршаз Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара (ИУНИСЕФ) ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аофис аусзуҩцәа Рустам Аншбеи Наала Аргәынԥҳаи.

Аҵыхәтәан аӡыргара иалахәыз зегьы ашәҟәқәа ҳамҭас иранашьан.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me