Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧҳәызба гәымшәа

 

Акыр шықәсқәа рыҩныҵҟа Аҧсны инхоз, уи моу араҟа ииз, изызҳаз ақырҭцәа, рабиҧара рҭоурых рхашҭны, арахь иааганы ишнырхаз ргәаламыршәаӡакәан, аиҩызареи асасдкылареи рызҭаз ажәлар ирҿагыланы рыҧсадгьыл рымаркуеит ҳәа  ахахьы аагара уадаҩын. Аха, аамҭа цацыҧхьаӡа еилкаахон, аҧсуааи ақырҭцәеи реиҿагылара ашьакаҭәарахьы ишкылсуаз. Рыҧсадгьыли, рбызшәеи, рмилаҭ реиқәырхареи рзы иқәҧон Аҧсны апатриотцәа. Аҭагылазаашьа еиҳагьы ихьанҭахеит ҧшьынҩажәи жәбатәи ашықәсқәа рзы. Уажәшьҭацәҟьа еилкаан ас хара ишзымцоз. Аибашьра аветеран,  Агәымшәаразы амедал занашьоу, "Аҧсны аибашьра аветеранцәа аҳәса рассоциациа ахантәаҩы" Лариса Ҭарба дқәыҧшын арҭ ахҭысқәа данрылахәыз. Аиабашьра ианалагагьы еиҧхьхәыцрада абџьар шьҭыхны лҩызцәа дрывагылеит. Аветеран илҳәоит аҧсра иацәымшәо аӡәгьы дшыҟам, аха уи уҧсадгьыл ацәыӡра иацу ашәара ишаиаауа.

Лариса Ҭарба лгәы иацәымҕәуп аибашьра ахҭысқәа рылацәажәара. Ҩажәи жәаба  шықәса  аамҭа маҷӡам ахәрақәа рҕьаразы, аха иахьагьы лара лылабжышқәа хажжылоит илывыршьааз лҩызцәа анылгәалашәо. Аветеран иазгәалҭоит аибашьра аетапқәа зегьы ишрыцу хашҭра змам агәалашәарақәа. "Аҧсны аҵеицәа ирывагыланы еибашьуаз аҳәса ргәымшәара атәы макьанагьы иҳәаӡам. Ахы анеиҿаҧсоз аамҭазы рхы иамеигӡаӡакәан, ихәны ишьҭаз аибашьцәа рызқәа иқәҵаны иалызгоз рыгәаҕьра ҕәҕәан. Ахы иаҿалоз аӡәгьы издырӡомызт зеиқәырхара дцоз аибашьҩы иҟынӡа иҧсы ҭаны дызнеиуазу, уи далганы дизаагозу" – ҳәа азгәалҭоит лара.

"Шамахамзар ҳгәы каҳажьӡомызт. Алафгьы ҳҳәалон, иҟалалон узырччоз ахҭысқәагьы. Аибашьра иалахәу дашьцылоит аҧсра. Раҧхьа ашьа изамыхәаҧшуа, уи анибалак згәы ҿыблаауа, анаҩс хьаас имкуа далагоит. Аибашьраҿы ахә змоу аибашьҩы иҧсҭазаара ауп, уи данхәу еиқәырхаразы иулымшогьы улуршарц уалагоит" ҳәа азгәалҭоит аветеран. Зегь раасҭа лгәаҿы инхаз, лара лзы иуадаҩыз ажәылара атәы далацәажәо Лариса Ҭарба илҳәоит уи марттәи шакәыз. "Иахьеиҧш исгәалашәоит урҭ ахҭысқәа. Уамакала ихьҭан, ақәагьы леиуан. Ахьҭа уцәеижь еимданы убаҩқәа рҟынӡа инаӡон. Иаҳдыруан аҕацәа хыҧхьаӡарала акырӡа ишеиҳаз, ҳаасҭагьы бџьарлеи џьаҧҳанылеи ишеиқәшәаз. Аӡәгьы иаартны иаҳҳәомызт, аха шамахамзар зегьы ҳзызхәцуаз акы акәын ари ажәылара аҟынтәи ҳаибганы гьежьышьа ҳамаӡам. Аха, убри аан еилаҳкаауан ҳҿаҧхьа иқәгылаз адҵа аҵакы, иаҳдыруан ҳхықәкы ҳзынагӡар аиааира зынӡаск иааигәаны ҳшазнеиуаз. Убри аҟынтә ҳгәы каҳажьӡомызт, гәаныла ҳзыргәаҭеиуаз агәҭыхақәа ртәы ҳҳәаӡомызт" лҳәоит Лариса Ҭарба.

Убри аан аветеран иазгәалҭоит хаҭала лара агәра ганы дшыҟаз ари ажәылара аҟынтәи деибганы дшымгьежьуаз азы. "Ҳара аҧсра ҳазыхиан. Избан акәзар дышҭахо азы агәра ганы иҟоу, аха зхықәкы иацәхьамҵуа аибашьҩы дазыхиоуп аҧсра аҧылара" лҳәеит Лариса Ҭарба. Аветеран лажәақәа рыла, ашәара ыҟаӡамызт. "Аибашьраҿы ушәар ҟалаӡом. Угәы анеиҭаҧа, знык шьҭахьҟьа схьаҵып, сҽыҧхьаскып ҳәа ахәыцрақәа ануоу, уҧсҭазаара уахӡыӡаауа, егьырҭ уҩызцәа раасҭа ухы уеиҷаҳауа уаналага ушәара уиааиуеит. Усҟан акгьы узырҽеиуам", – лҳәоит аветеран.

Март жәибжь жәаа рзы имҩаҧысуаз ашьаарҵәыратә хҭысқәеи, уи ажәылара алҵшәақәеи ртәы зегьы ирдыруеит.  Лариса Ҭарба уи ажәылара деибганы далҵит. Ашьҭахь ирацәан лара дызлахәыз аоперациақәа. Аветеран аибашьраҿы илоуит ахәра. "Зыҧсы ҭаны аибашьра иалҵыз иаҳуалҧшьоуп иҳавыршьааз ҳҩызцәа, аибашьраҿы иҭахаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаларшәара амырӡра. Ҳарҭ иҳалшар ауп изызҳауа аҿар рҭоурых еицакрада, ишыҟаҵәҟьоу ирдыруа аҟаҵара. Изызҳауа абиҧарақәа ирылаҳааӡар ауп рыҧсадгьыл ахь абизабара", – лҳәоит "Агәымшәаразы" амедал занашьоу аветеран.

Лариса Ҭарба напхгара алҭоит "Аҳәса-аибашьра аветеранцәа Рассоциациа". Есышықәса Аиааира амшныҳәа аламҭалазы уи иалоу рҭаауеит рҩызцәа, амедика-санитартә баталион амедиаҳәшьцәа анышә иахьамадоу аҭыҧқәа. Ишьҭарҵоит ашәҭ шьыҵәрақәа, иааҭгылоит урҭ ргәалашәареи рфырхаҵареи рҿаҧхьа минуҭктәи аҿымҭрала. Амедикатә-санитартә баталион амедаиаҳәшьцәа аӡәырҩы аиааира амш рымбаӡакәан, аибашьра ацәаҳәаҿы  рыҧсҭазаарақәа ҿахҵәеит. Имаҷыҩӡам ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны, аибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵызгьы. Иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы зыҧсыжырҭа еилкаам, урҭ  хабарда иӡыз ирхыҧхьаӡалоуп. Лариса Ҭарба илҳәоит  Аиааира амш аламҭалазы лара еснагь ҩ-цәаныррак дшеимаркуа. "Ганкахьала ажәлар ззықәҧоз амш агәырҕьара ацуп. Даҽаканкахьала, сгәы ҿыблаауеит уи амш аагаразы икаҭәаз ашьа, иҭахаз Аҧсны аҧацәеи аҧҳацәеи санрызхәыцуа" – лҳәоит лара. Аветеран иазгәалҭоит агәалашәара еиҳау абаҟа шыҟам. Иҭахаз ҳгәалашәонаҵы, урҭ рхы зқәырҵаз Аҧсни аҧсуареи ҳхашҭраны ҳшыҟам атәы.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me