Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аишьцәа рлахьынҵа

Аҟәа, Аҳабла ҿыцаҿ инхоз Рауф Џьопуа иман ҩыџьа арҧарцәа. Зыбжа ааӡара аныда иааӡаз, иамуит ахлымӡаах аамҭа – аибашьра иналамгылар. Аишьцәа Даури Џьамбули ринтересқәа хаз-хазын. Аха аибашьра зегьы еиҟаразтәуа ҳанналагыла, аҩыџьагьы еибашьҩцәаны иаагылеит.

Усҟан 26 шықәса  зхыҵуаз Џьамбул, занааҭла операторс аус зуаз, акы дааннакыломызт. "Ашьа ицаша, ада иалагылом", ҳәа ишырҳәо еиҧш, иара аҧсуа гвардиа анеиҿыркааз нахыс далан. Џьамбул аҧсуареи Аҧсадгьыли зегь раҧхьа иргылон. Изҳәаны  итәаз аҭыҧҳа ҧшӡа дигарцы мышқәак шагыз ауп аибашьра ишалагаз. Абраҟа иаангылеит аҷкәын-қәыҧш иҧсҭазаара, дылгәалалыршәоит  сзыҿцәажәаз иҭаца  Наташа Џьопуа-Бугакова.

Џьамбул аҕа ишҟа имаз ацәымҕра хышхыҵәеит иашьа аиҳабы Даур данҭаха нахыс. Ианвартәи ажәылараҿы Аҟәатәи  абаталион, Амеран Берзениа командирс дызмаз, иаиуит риашашьа змамыз ааха, иҭахеит 36-ҩык ҳҵеицәа хазынақәа, убра дрылан Даургьы. Усҟан иара дҭаацәаран, иҧҳа хәыҷы Марҭа илхыҵуан 2 шықәса, лара лакәӡоуп иахьа абиҧарак ирҭынхаз, рыҩнашә аазыртуа ҳәа изхәаҧшуа.

Зашьа заҵәи, зықәлацәеи ршьаура ашҟа згәы зыҧхьоз Џьамбул илымшозгьы дацәхьаҵуамызт, дазхиан амца қьоуқьад алагылара.

Сентиабр 18 рзы Шьроматәи ажәыларахь ианцоз, атанк иақәтәаз еибашьҩык дычмазаҩхеит. Џьамбул ихахьы игеит абри аҭакҧхықәра, ахаан атанк ааигәа имнеицыз, атанк дақәтәан жәылара дцеит. Усҟан ицақәтәан ҩыџьа аишьцәа Заури Игори Конџьариаа, Гена Еныкь. Аҕа иртҟәацга заахаз атанк амца акит, ашә рцәакит… рызегьы уа иҭахеит. Ацхыраара рыҭашьа ззыҟамҵаз аибашьцәа ирҳәон, ацхыраара ишаҳәоз атанк иҭаблит ҳәа. Аҩымш рыҽны рыҧсыбаҩқәа Гәдоуҭаҟа иааргеит,  аишьцәа Конџьариаа рнапқәа еикәыршаны ишыҟаз иблит. Аибашьра ашьҭахь изҭаблыз атанк анышьҭырхуаз, аҽаӡәы иҧсыбаҩ рыҧшааит. Уи атанк иахьагьы, Шьрома убри аҭыҧаҿы иқәгылоуп.

Лассы-лассы абри аҭыҧахь ихало афырхаҵа Џьамбул Џьопуа иҭаца еиҭалҳәоит "ашықәс рацәа шҵхьоугьы, абри изҭаблыз атанк ахьгыло, иааҟәымҵӡакәа алаҕырӡ  еиқәарақәа ацрыҵуеит. Ҳаҷкәынцәа аҵәуошәа избоит".

Сыбла дыхгылоуп, аибашьра ашьҭахь, Аҳабла ҿыц иаланхоз зегь ҳаҭырла иззыҟаз абырг ҟәыҕа, "Дед" ҳәа изышьҭаз. Уи ҩыџьа  адауаҧшьқәа зыҧсадгьыл иахҭнызҵаз аб-гәеицамк Рауф Џьопуа иакәын. Данцәажәоз уизыӡырҩыр, амалахазгьы иҭахымызт игәаҟра акала инирҧшырц.  Аха, иӡышӡа ишлахьаз, агәырҩа хьанҭа згәаҵҕа абылхьаз, унаихәаҧшыр – иҧсы злаҭоузеи угәахәрын. Акы заҵәык деибаркны дызкыз, ахьычҧаҧыр еиҧш дҧырҧыруа еснагь ицыз имаҭа хәыҷы – Марҭа лакәхарын.

Згәалашәара  ырӡтәым арҭ аишьцәа Даури  Џьамбули Аҧсынра иақәлахоит. Урҭ рыхьӡ анаӡаӡатәраз, иахьынхоз аҩнеихагыла аҿы икыдҵоуп аҳаҭыртә ҕәы. Џьамбул Џьопуа ихҵоуп Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы, иашьа Даур, данҭаха ашьҭахь, "Агәымшәараз" амедал ианашьоуп.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me