Тҟәарчал – амацәаз иҭакыз, зшьамхы азмырсыз

413 мшы амацәаз  иҭакыз Тҟәарчал инханы иҟаз ирхыргази, Аиааира ду гәыҕырҭас ишрымази атәы, иагьа аамҭа царгьы ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит.

Мышк ахы-аҵыхәа гәкажьра ҳамамызт. Амлакра, ахьҭакра, иреиҕьу ҳҵеицәа рҭахара, анацәа руаз, иарбану иаҳхаамгаз. Зегь реиҳа иуадаҩын аинформациа аҟамзаара. Ателербагақәа аус руамызт афымцалашара аҟамзаара иахҟьаны. Амашьына аккумулиаторқәа ҳхы иархәаны, Аҧсуа  радио Гәдоуҭантәи аҭыҵра ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыҧшын. Нас уаҟа иҳаҳаз ажәабжь, агәыла-азла ирылаҳарҵәон.

Аамҭаказ, Тҟәарчал ирылшеит агенератор аӡиас аҭаргылара. Уи ҟазҵаз, саҭарымҵааит, исгәалашәаӡом. Убри  абзоурала, акультуратә Хан аҿы, мышкахьы ҩба-хҧа сааҭ афымцалашара неиуан. Уи рхы иархәаны, Тҟәарчалаа рыҷкәынцәа, Александр Данилевски, Иура Убириа, Геронт Қардаа, Торник Амҷба, Анзор Маршьан, аӡәыр дысхашҭзар саҭамыз, арадио техникала еиқәдыршәеит. Уи ацәқәырҧақәа, Тҟәарчал адагьы,  акәша-мыкәша иҟаз ақыҭақәа рҟынӡа инаӡон. Аинформациа еизаҳгон излаҳалшоз ала. Ҳарҭаауан ҳаибашьцәа. Сара хаҭала Диана Кобахиа-ҧҳа дсыцны Ҧақәашь, Река ақыҭақәа рҿы иҟаз аҧсуа еибашьцәа рпозициақәа ҳарҭаан ҳрыҿцәажәон. Исгәалашәоит, усҟан ҳнаскьазгоз аибашьҩы Гоги Қацәба иакәын. Иара аибашьра мышкы шагыз дҭахеит. Тҟәарчал арадиоҿ, усҟан дикторцәаси корреспондентцәаси аус ҳуан сара, Анзор Маршьан, Рита Ажьиба, Анжела Қәычбериа, Минадора Берулаа.

Ишдыру еиҧш, аибашьра анцоз Тҟәарчал ирацәаҩын ахҵәацәа. Адунеи дуи ҳара ҳақалақьи еимаздоз авертолиотқәа ракәын. Урҭ раара ныҳәак иаҳзаҩызан. Аха ҳгәаҵа кылызҵәаз ахлымӡаахгьы ҳзыҟалеит, урҭ руак анҭахаз аҽны. Декабр 14, 1992 ш.  ахаан имҕьаӡо хәраны ҳгәаҿы инхеит. Усҟан, Тҟәарчал иҟаз ажәала иузеиҭаҳәаӡом. Зышә-гәашә азыркыз дузымдыруа,  жәлары зегьы  анеицҵәыуоз ҳахаануп. Абарҭқәа зегьы ирнышәаны, Тҟәарчалаа Аиааира агәра ргон. Агәра ргон, избанзар ирыман аидгылара, аилибакаара, арыцҳашьара. Игәра ргон Ҳҧыза ду Владислав!

Исгәаласыршәар сҭахуп, ииуль 2 рзы Тамшьтәи ажәыларахь абаржа иацны иааз  Ҭырқәтәылатәи ҳашьцәа Тҟәарчал рыҟазаара. Ирацәаҩын иааз, убарҭ рахьтә гәыҧҩык Тҟәарчал иаанхеит  аибашьра еилгаанӡа: Таифун Арӡынба, Ҟаиҭыҟәа Муҳарен, Бганба Алҧер, Ҭлыгәажьа Заиҭ, Агәас Имдаҭ, Афрежьын Ҭолга, Ҵәылахәа Ерҳан. Дара Амиран Берзениа игәыҧ иалалеит. Ажәыларақәа зегьы ирылахәын. Руаӡәык, Заиҭ ҕәҕәала дхәын, иҧсы еиқәхоит ҳәа ҳаҟамызт, аха Анцәа имчала деиқәхеит, иахьа Аҟәа дынхоит.

Абри агәыҧ иалаз рахьтә, аҧсшәа бзиаӡаны идыруан  Агәас Имдаҭ. Егьырҭ имаҷӡаны. Ҳанеибадыр исыҳәеит, аҧсуа бызшәа аурокқәа рзымҩаҧызгаларц. Сара аибашьра алагамҭаз ҿыц ауниверситет салган сааит Тҟәарчалҟа. Ашкол аҿы аус смуӡацызт. Аамҭа анҳамаз, рхатәы бызшәа, аҧсшәа дсырҵон. Сара сзы урҭ раҧхьаӡатәи сҵаҩцәа ракәхеит. Исгәалашәоит, Ерҳан  Ҵәылахәа, даублаауп, "сара сгәаҳәара, схатәы бызшәала ажәеинраала зҩыр сҭахуп" – ҳәа ииҳәаз. Иагьиҩит иахьынӡаздыруа… Иахьа дара рызегьы ибзианы аҧсшәа рҳәоит. Имыӡааит ҳбызшәа, ҳаҧсуара, ҳаҧсадгьыл! Шәадныҳәалаз, иҧшьоу шиааира ду амш!


Аида Чачхалиа-ԥҳа, 2014-2020 ш. рзы Тҟәарчал араион ахада

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me