«Шәара, ҳәарада, ишәгәалашәоит ари апроект шиуаз. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ҵыԥх аԥхынразы ари аицлабра амҩаԥгаразы ажәалагала ҟаҵаз.
Апроект «Зысас гәашә аарту Аԥсны» Сергеи Владилен-иԥа Киренко хаҭалатәи ацхыраара аимҭазҭгьы анагӡара залыршахомызт, уи азы иҭабуп даараӡа ҳәа иаҳҳәоит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аԥсуа адрамтә театр аҿы имҩаԥысуаз аицлабра «Зысас гәашә аарту Аԥсны» алахәылацәа аҳамҭақәа ранашьара ацеремониаҿы.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аҟәа Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы еицырдыруа акаҳуажәырҭа «Брехаловка» даҭааит.
Астол гежь алахәылацәа «адәахьтәи адемократиа» апарадигма арҿиара астратегиахь аԥсахра хымԥадатәиуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, уаҟа абизнес ахьчара амилаҭтә суверенитет аҿы акрызҵазкуа хәҭаны иҟалоит.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Гәдоуҭа ақалақь аԥшаҳәа ахәҭак аиҭашьақәыргылара апроект иалацәажәеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me