Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа изинмчхара аҿҳәара ахьынҵәаз инамаданы инапынҵақәа рҟынтәи ихы иақәиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион Ахада Валери Аҩӡба инапынҵақәа рҟынтәи ихы иақәиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит изинмчхара аҿҳәара ахьынҵәаз инамаданы.
А.С. Пушкин ихьӡ зху аурыс бжьаратә школ №2 аусзуҩцәеи аҵаҩцәеи Аҟәа, апоет ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
«Урыстәылатәи адипломатиатә маҵзура аҳаҭыр дууп, ибеиоуп хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа, иӷәӷәоуп азанааҭтә школ, абиԥарақәа реимадара шьаҭас иамоуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me