Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика Жәлар Реизара (Апарламент) Аиҳабы Алеқсандр Иванов иааԥхьарала Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу апарламент аделегациа Архыз имҩаԥысыз Нхыҵ-Кавказтәи Апарламенттә Ассоциациа XII аконференциа ахы аланархәуит.

Афырхацәа ҳхаҳаршҭӡом

24 Жьҭаара 2025 05:41
Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа агәаны игылоуп ахаҳә ҩны ԥшӡа. Ашҭаҿы ҭынчроуп. Араҟа Гәынба Шьалуа Шьыгә-иԥеи Аҩӡба Аллеи рхы иақәгәырӷьо рыҩны иҩнан. Урҭ ҩыџьа ахшара рыман: Османи Есмеи.Гәынба Шьалуа иҩнаҭаҿы еснагь аҳра ауан аԥсуара.
Аԥсуа жәлар рқьабзқәа, рҵасқәа, аижәлантәқәа рҭоурых аҭҵаара, аӡыргара иазкуп ааигәа иҭыҵыз ашәҟәқәа: «Аԥсуаа рчараура.

Аекологиа ахьчара

23 Жьҭаара 2025 09:18
Аекологиазы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа изныкымкәа дрылацәажәахьеит аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа иҵарны иқәгылоу аекологиа иазку азҵаарақәа жәпакы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп апальмақәа рҭагылазаашьа, ахьатә бнақәа реиқәырхара, ашыц аҭагылазаашьа, амармалташьтә бты аиааиразы иҟаҵатәу.
Ари аамҭазы ашколхәыҷқәа рзы азҿлымҳара змоу хҭысны иҟоуп аԥсуа поет Баграт Шьынқәба иқыҭа гәакьа Ҷлоу иҟоу иҩны-амузеи аҭаара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me