«Ҳара иаабоит ареспубликаҿы имҩаԥысуа аиҭакрақәа. Ари, ҳәарада, Аԥсни Урыстәылеи русеицура иалҵшәоуп. Иааизакны ихадоу ахырхарҭақәа жәпакы рҿы ашықәс иалагӡаны Аԥсны даара аус ду мҩаԥнагеит», – ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥсны ахадас Бадра Гәынба дыҟоижьҭеи ареспублика асоциал-економикатә еихьӡарақәа ахәшьара рыҭо.
«Урҭ аҿиаразы алшара ду змоу ақыҭанхамҩа, атуризм, аинфраструктура, аенергетика реиԥш иҟоу хырхарҭақәоуп.
Агәаҭара иара убасгьы ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.
«Шәара ижәдыруеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи ас еиԥш зымҽхак ҭбаау афорумқәа шымҩаԥымсыцыз.
Аԥсны аԥсабара ҳасаб азаҳуазар иаҳнарбоит атуристтә сезон ашықәс зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа иҟазар шауа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me