Жәлар рҳәамҭақәа

28 Жьҭаара 2022 13:53
1970 шықәсазы абарҭ ахәажәак ихьӡыртәны исзеиҭеиҳәеит Уатаҧ инхоз, шәышықәса инарҭысхьаз аетнографиатә ансамбль «Нарҭаа» иалаз, Џьопуа Ҭарашь Маныхә-иҧа. Ҭарашь дшәаҳәаҩын, дкәашаҩын, ажәытә ажәабжьқәа рҳәара даара дазҟазан. Абар, дара ажәақәа: Цәаала Кьагәа, Цәымса Сеидыҟ, Ныга Иадгьац, Барбал Иасыф, Опцәа Шьаҳан, абарҭ ахьӡқәа схы-сгәы есымша иҭан, ааскьа абас Анцәа исзааиртит абарҭ ахәажәак рҭакқәа инеиҵыхны.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 ш. ахыҵра аиубилеи иазкны имҩаҧысыз агәырҕьаратә еилатәара далахәын, дагьықәгылеит.
Октиабр 14 рзы Аҟәа иазгәаҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 ш. ахыҵра аиубилеи. Ҳтәыла аҵараиурҭа хада азы акрызҵазкуа арыцхә ахатә ҭоурых амоуп, имариамыз амҩа ианысит, иалыршауа еихаҳауа аихьӡара ҿыцқәа раарҧшразы агәҭакы бзиақәагьы ыҟоуп. Аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа аҽрылархәразы Аҟәа иаҭааит Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа, Аахыҵ-Уаҧстәыла уҳәа рҟнытә, иара убас Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, аӡәырҩгьы адныҳәаларақәа аарышьҭит.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me