Адыррақәа реизырҳара амҩала

Октиабр 14 рзы Аҟәа иазгәаҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 ш. ахыҵра аиубилеи. Ҳтәыла аҵараиурҭа хада азы акрызҵазкуа арыцхә ахатә ҭоурых амоуп, имариамыз амҩа ианысит, иалыршауа еихаҳауа аихьӡара ҿыцқәа раарҧшразы агәҭакы бзиақәагьы ыҟоуп.

Аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа аҽрылархәразы Аҟәа иаҭааит Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа, Аахыҵ-Уаҧстәыла уҳәа рҟнытә, иара убас Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, аӡәырҩгьы адныҳәаларақәа аарышьҭит.

Аҭоурых ҳазхьаҧшуазар, аҧхьаӡа иаартын А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт, напхгаҩысгьы даман Андреи Ҷоҷуа. Уи нахыс аӡәымкәа-ҩыџьамкәа анапхгараҿы иҟан. 1979 ш. аҵараиурҭа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет акәны ишьақәгылеит.

Аиубилеи аҽалархәразы Аҟәаҟа иааз асасцәеи аҧшәмацәеи еицны инеит ауниверситет ашҭаҿ Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз арҵаҩцәеи астудентцәеи ргәалашәара иадырганы иргылахараны иҟоу абаҟа аҭыҧаҿ ахаҳә ахьышьҭоу, араҟа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Иаҭааит ауниверситет аҟазара афакультет аҟны астудентцәеи арҵаҩцәеи раҧҵамҭақәа рыла еиҿкааз ацәыргақәҵа. Ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа, аҵараиурҭа арҵаҩцәа, асасцәа еицны ашҭаҿ, аиубилеи аҳаҭыр азы «Аиҩызара аҵла» аџьҵла аиҭаҳара иалахәын. Ари аҵла ҧсадгьылс иамоуп Таиван.

Анаҩс ииасын агәырҕьаратә ҭагылазаашьа змаз аилатәарахь. Уахь инеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ, Приднестровие ахаҭарнак, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра Реилазаара иалоу, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, асасцәа, насгьы ауниверситет апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 ш. ахыҵра иазкыз аиубилеитә еилатәараҿы дықәгылеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Ауниверситет анапхгара, аҵарауаа-арҵаҩцәа, астудентцәа, аспирантцәа иреиҳау аҵараиурҭа аиубилеи рыдиныҳәалеит, еиҳау аихьӡарақәа рзеиҕьеишьеит.

Аҧснытәи Аҳәынҭуниверситет аиубилеи аҳаҭыр азы адныҳәаларақәа ҟарҵеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб уҳәа егьырҭгьы.

Агәырҕьаратә еилатәараҿы ауниверситет 90 ш. ахыҵра иазкыз иажәахә ала дықәгылеит аректор, академик Алеко Гәарамиа.

«Акыр иаҧсоу аколлегацәа, ҳаҭыр зқәу асасцәа! Ҳиубилеи азгәаҳҭоит адунеи аҟны арра-политикатә ҭагылазаашьа аныуадаҩу аамҭазы. Аха аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицоит. Иреиҳау ҳмилаҭтә ҵараиурҭа алахьынҵа Аҧсны жәлар рразҟы иаҟәыҭханы узахәаҧшуам. Асовет аамҭазы акәзааит, СССР анхыбгала ашьҭахь акәзааит, акыр ауадаҩрақәа, атрагедиақәа, ахынҭаҩынҭарақәа ыҟан, аха ҳажәлари ҳҵараиурҭеи урҭ аҭагылазаашьақәа хьӡыла ирылҵуан. Еснагь ацхырааразы иаҳзаауан ҳашьцәа, ҳҩызцәа, ҳколлегацәа»», – абас ихациркит аректор иажәа.

Ауниверситет аусзуҩцәа рыхьӡала аиубилеи зҽалазырхәыз зегьы дрыдныҳәалеит. Даҩымсит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Урыстәылатәи ауниверситетқәа жәпакы ауниверситет ашьапы ақәгылараҿы ишрыцхрааз. Араҟа аҧхьа иргыланы иӡбахә иҳәеит Москватәи аҳәынҭуниверситет аректор Виктор Садовничи.

Ауниверситет иалгаз аӡәырҩы иахьа еиуеиҧшым аусхкқәа рҟны аус руеит, аӡәырҩы ҳәынҭқарратә, уаажәларратә усзуҩцәоуп, депутатцәоуп, ҵарауаауп, рҿиаратә усзуҩцәоуп. Абызшәеи, акультуреи, ҳатрадициақәеи реиқәырхара ауниверситет ауснагӡатәқәа ируакуп. Даҽа ганкахьала адунеи аҭҵаарадырратә хәыцра ахьеизгоу, аҧхьагылара змоу атехнологиақәа абиҧара ҿыцқәа иахьрызнарго центруп. Андреи Ҷоҷуа инапхгарала 1932 ш. аинститут анаартха х-факультетк рҟны 85-ҩык аҵара рҵон, 17-ҩык арҵаҩцәа ыҟан.

А.Гәарамиа иқәгылараан игәалаиршәеит аинститут ашьақәгылараҿы, насгьы ауниверситет ахь аиагараҿы злагала шьардоу жәлар рырккаҩцәа, аҵарауаа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа. Урҭ иреиуоуп: Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Нестор Лакоба, Андреи Ҷоҷуа, Симон Басариа, Антон Чыкәбар, Фома Ешба, Кондрат Ӡиӡариа, Платон Шьаҟрыл, Симон Ашәхәаҵаа, Арсен Аҳашба, Владимир Кукба, Симон Џьанашьиа, Николаи Патеиҧа, Владимир Данкевич, Георги Соселиа, Иван Запорожски, Гавриил Дубровин, Борис Добрынин, Владимир Челиӡе, Александр Дудко, Ақыбеи Хонелиа, Гьаргь Ӡиӡариа, Зураб Анчабаӡе (Ачба), Шьалуа Инал-иҧа, Борис Ҭарба, Альфред Колаковски, Борис Лапин, Иракли Гвердцители, Нури Акаба, Валериан Кобахиа, Баграт Шьынқәба, Хәыхәыт Бҕажәба, Константин, Ҭамара, Екатерина Шьаҟрылаа, Иури Воронов, Борис Адлеиба уҳәа егьырҭгьы.

«1979 ш. – аинститут университетхеит. Ари аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара аҭоурых аҟны даҟьа ҷыданы иаанхоит. Уи «130-ҩык рышәҟәы» ҳәа ажәлар рҟны иргәалашәо аҧсуа интеллигенциа рышәҟәы иабзоурахеит, абиҧарақәа ззықәҧоз ҳажәлар рзинқәа ирылҵшәахеит. Аӡәы диеиҧшымкәа Аҧсны Раҧхьатәи Ахада, жәлар рҧыза, аҵараиурҭа аушьҭымҭа В.Г.Арӡынба еиликаауан ауаажәлар рпрогресс аҭҵаарадырреи, акультуреи, адоуҳаи рырҿиара аҵара ишахьыҧшу, аҧыжәарагьы аиҭон», иҳәеит аректор.

2006 ш. инаркны, Аҧсны аҩбатәи Ахада С.В.Багаҧшь Иусҧҟала, ауниверситет автономтә статус аиуит, уи аахыс аҧҵаҩыс иҟоугьы Аҧсны Ахада иоуп. Ари иалнаршеит иреиҳау аҵараиурҭа аҵара-ааӡара иадҳәалоу азҵаарақәа еиҕьны рыӡбара. Еснагь адгылара иаадырҧшуаз шырныруаз иҳәеит егьырҭ Аҧсны Ахадацәас иҟаз Алеқсандр Анқәаби Рауль Ҳаџьымбеи.

«Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ахьыҧшымреи ахақәиҭреи зхы ақәызҵаз ҳарҵаҩцәеи ҳастудентцәеи. Еснагь иаҳгәалаҳаршәоит хатәгәаҧхарала Нхыҵ-Кавказ, Алада Урыстәыла, Ҭырқәтәылеи, Шьамтәылеи, Иорданиеи рҟнытә ҳџьынџьуаа, ҳажәлари ҳҵараиурҭеи ахьӡ дзыргаз зегьы», – иазгәеиҭеит А.Гәарамиа.

Дазааҭгылеит иара убас арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ауниверситет иамоу аихьӡарақәа, аҵара-ааӡара иалагалоу аҿыцрақәа.

2018 ш. акәзар, Урыстәылеи Аҧсни реиҳабырақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала, аҵареи аквалификациеи наҟ-ааҟ реицазхаҵара алыршахеит.

Иахьа ауниверситет аҟны афакультетқәа жәба аҧҵоуп, иара убас аус руеит акафедрақәа ҩынҩажәиҩба. Арҵаҩцәа 500-ҩык инареиҳауп, астудентцәа 3000- ҩык рҟынӡа ыҟоуп.

«Ҳара даараӡа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳаилызкаауа, адгылара аазырҧшуа, зегьы шәааҳаҧхьоит ақьиара, аҳаҭыреиқәҵара, аҧсуара иаҵанакуа аҟазшьа бзиақәа зегьы рықәныҟәара ашҟа. Даҽазныкгьы аиубилеи шәыдысныҳәалоит. Ҳазшаз агәабзиареи, аинҭәылареи, агәҭакқәа рынагӡареи шәаҭәеишьааит!», – абас иажәа хиркәшеит аректор, академик А. Гәарамиа.


В. Ацанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me