Жәлар рҳәамҭақәа

1970 шықәсазы абарҭ ахәажәак ихьӡыртәны исзеиҭеиҳәеит Уатаҧ инхоз, шәышықәса инарҭысхьаз аетнографиатә ансамбль «Нарҭаа» иалаз, Џьопуа Ҭарашь Маныхә-иҧа. Ҭарашь дшәаҳәаҩын, дкәашаҩын, ажәытә ажәабжьқәа рҳәара даара дазҟазан. Абар, дара ажәақәа: Цәаала Кьагәа, Цәымса Сеидыҟ, Ныга Иадгьац, Барбал Иасыф, Опцәа Шьаҳан, абарҭ ахьӡқәа схы-сгәы есымша иҭан, ааскьа абас Анцәа исзааиртит абарҭ ахәажәак рҭакқәа инеиҵыхны.

  • Цәала кьагәа

Иагараан дубаргьы иџьмақәа – иҧсаса рзы абнара дылан, агәаҩақәа дырҭан ацәлаа ҧшааны (ари еиҳарак, ушьҭа аӡынра ааигәахо ианалагалак аамҭаз ауп ианыҟало) аџьмақәа, аӡарақәа рзы дцаны иҧҟаны рхәы рзааигон. Уи даара бзиа ирбоит иҧсаса, иара абыҕьқәа кахәхәа иасымша ииаҵәаӡа иҟоуп, абри азоуп Ацәлаа Кьагәа ҳәа ахьӡ зирҭаз!

  • Цәымса Сеидыҟ

Сеидыҟ иасымша деимдо абнара дылан, уи дзышьҭаз ҧыҭк зхыҵуаз аџь ҵла дуқәа ракәын, ихҩаа-ҿҩааны игылақәаз, ма араҵла дуқәа. Абарҭ рҿы иаанахәоит, маҷкгьы акәыкәбаа еиҧшума уҳәартә иҟоуп. Абас ирацәаны еизганы ааҵәа иҭаҵаны даҵалан аҩныҟа иааигон. Аҩны ианааигалак, иҵагь ҳәызбала иаарыцқьан чуанк илҭаҵаны, ахәа лалаҧсан, аӡы лаҵаҭәан, амца илахакнаҳан, џьмажәырак еиҳангьы ижәуан. Ианжәлак, иааҭганы ҽыҭ-ҽыҭ иҧыҟҟаны, амра ицәҵаны, ирҧшшон-ирҩон. Иара аҩныҵҟа абамбеиҧш ицәыҟаҧшь-еиқәаран иҟалоит.

Ажәытәан ажьи-анапҟаза, аихаӡа иалхны ишахәҭоу иӡрыжәны аџырра рацәаны иазныжьны иҟаиҵон. Абри иахьӡын аихымца ҳәа, аҧшра маҷк ауаҩ илымҳа еиҧшума уҳәо иҟоуп. Нас ирҩаны иҟаиҵаз ацәымса напхыцк аҟара аамхны ашьанҵа-хаҳә хәыҷ инықәҵан аҷах-аҷах ҳәа данаслак, амца ацҧхьқәа аҿыдды ацәамса абамба еиҧш иналашәоит, ихәхәаӡа алҩаҵәгьы аунашьҭуеит. Абас амца анаклак, иара убриала амца ашьапы ркуан. Ари здыруаз адунеи аҿы ажәларқәа рацәоуп, амала иахьа издыруа маҷуп! Ари аҧсуаа абас рхы иадырхәон, ажәакала, уи хьыӡшьарас ирҭеит Цәымса Сеидыҟ ҳәа!

  • Ныга Иадгьац

Дыҟан ажәытәан знапы ахьаҧссоз ҳәа ззырҳәоз, амҿы иалхны ҟазарыла аҩны маҭәахәқәа ҟазҵоз: еиуеиҧшым асаарақәа, агәыблаақәа, адыргьлақәа, ачамсҟәылқәа, ашыц иалхны амҳаҵәқәа, аныгақәа, ауаҵақәа… Абарҭ зегьы аҵла гәаҩақәа хәархьла ихыҵәҵәаны ирылихуан. Абарҭ ирылархуан алҵлақәа, аџь-ҵла, аҭәа-ҵлақәа уҳәа. Абас иҟаз аҟаза хьыӡшьарас ажәлар рҿы иоуит Ныга Иадгьац ҳәа.

  • Барбал Иасыф

Барбал Иасыф дҟаза дуун, ауардынқәагь ҟаиҵалон, еиҳарак ауардын барбалқәа дырҿын. Уи злихуаз еиҳарак ҧыҭк зхыҵуаз амжәа акәын. Уи иаҳа инапаҿы иааиуан абарбал анеиқәиршәоз, ихы иаирхәон артәага-арыххага ҳәа. Абарбал злашьақәирҕәҕәоз амыруга-маҭәахә абас ианеиқәиршәалак, нас аиха аҿыкәыршан, икылҵәҵәан, аҵәымҕ дуқәа алаҵаны ичаҧон ирҕәҕәаны. Хьыӡшьарасгьы иоуит Барбал Иасыф.

  • Опцәа Шьаҳан

Опцәа Шьаҳан аласа аус адулан, еилыхны, абза аласа иалхны ауапа ахҕәыраҿ илышьҭаҵан, аӡырҟәанда налаҭәо аласа рапан еилеиҵон-еилеицалон. Ари зегьы ирылшомызт аҟаҵара, даара аџьабаа зцу ҟазароуп, ахаҵа махәҿагьы аҭахуп, аха абарҭқәа зегьы дыриааины, ауапа иҧшӡаӡа еибиҭон. Ари ауапа хәылда ҳәа иашьҭан. Нас ауапа аҵҟьахь аҩнуҵҟала еиуеиҧшым арахәыцқәа, ҧштәы рацәала иқәҵаны, иҩычаны ирҧшӡаны иҟаиҵон. Абри ауп ажәытә ашәагь зхылҿиааз сауармыҕәа рапа-чапа, Опа дук ҟаиҵеит ҳәа, ари ахьӡ ду даҧсахеит Опцәа Шьаҳан.


Еизигеит, аус адиулеит Таташь Қәҭалиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me