Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет – 90 шықәса Аҧсны Ахада дрыдныҳәалеит

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 90 ш. ахыҵра аиубилеи иазкны имҩаҧысыз агәырҕьаратә еилатәара далахәын, дагьықәгылеит.

Иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иҧа, аҵарауаа, астудентцәа, аспирантцәа. Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ҧшьынҩажәи жәаба шықәса ахыҵра! Аҧсны Аҳәынҭқарра аргылараҿы ауниверситет алагала даара иҳаракуп. Аҵара – лашароуп, аҵарадара – лашьцароуп. Аҿар анаҳааӡа, адырра ҳаракы анраҳҭа, ҳҧеиҧшгьы лашахоит. Ауниверситет аҿы аус зуа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы. Ҷыдала иазгәасҭоит аректор, зыхьӡ Аҧсны анҭыҵ акыр инеихьоу аҵарауаҩ Алеко Алықьса-иҧа шәлагала. Ауниверситет аихьӡарақәа акыр хаҭала шәара ишәыбзоуроуп. Шәара аҧхьа шәнаргылан, арҵаҩцәа, аҿар, ишәзеиҕьасшьоит ақәҿиарақәа, аҭынчра, аизҳара.

Ҳаамҭазтәи адунеи аҟны аҵара иааннакыло ароль дууп. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет анапынҵа ҷыда нанагӡоит. Ари – ҳтәыла аҭҵаарадырра ацентр, аинтеллектуалтә ресурс азыҟазҵо акәны иҟоуп. Ареспублика зегьы азы ауниверситет акадрқәа ирыӡрыжәырҭоуп. Ҳара аҿар бзиа ҳамоуп. Иахьатәи астудентцәа рахьтә аӡәырҩы уаҵәы аҳәынҭқарратә маҵураҿы иҟалоит. Агәра згоит, агәҭакы бзиақәеи абаҩхатәреи шәыманы, азыҟаҵара бзиа змоу ҟазацәаны ауниверситет шәшалго. Адырра ҿыцқәа риура шаҟа шәымч-шәылша адышәҵо аҟара аҧхьаҟа шәзанааҭтә ҧсҭазаара аинтерес аҵаны, игәылҭәааны иҟалоит.

Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иҧа, апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи Шәареи ишәылшо зегьы ҟашәҵоит аҵара аҩаӡара ашьҭыхразы. Ауниверситет аҭоурых ҳтәыла аҭоурых, ахақәиҭразы ҳажәлар рықәҧара иузаҟәымҭхауа иадҳәалоуп. Ауниверситет арҵаҩцәеи астудентцәеи амилаҭтә интересқәеи ҳажәлар рзинқәа рзықәҧареи ирзааҧсоз ирылагылан. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ауниверситет аусзуҩцәеи астудентцәеи ҧшьынҩеижәи жәиҧшьҩык фырхаҵарала иҭахеит Аҧсадгьыл ахьчараан.

Акыр иаҧсоу аҩызцәа, агәра згоит, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет еснагь аамҭа ашьаҿа ақәыршәаны, иреиҕьу атрадициақәа ирыцҵауа, аҵара аҩаӡара ҳаракы еиқәырхауа, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ирҳау аҧышәа ахархәарала ҧхьаҟа ишцало.

Аспециалистцәа разыҟаҵара – ари арҵаҩцәа рколлектив иабзоуроуп. Иахьа сара Аусҧҟа снапы аҵазҩит ауниверситет арҵаҩцәа аҳаҭыртә хьӡқәеи аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аҧша» аордени ранашьаразы. Гәык-ҧсыкала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа ақәҿиарақәеи, ааҧсара зқәым арҿиаратәи аҭҵаарадырратәи хәыцреи шәзеиҕьасшьоит».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me