Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ Сократ Џьынџьал инапаҿы ииркит «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара. Уи иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьоуп Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи рҟны илагаламҭа ду азы.
Декабр 6 азы Москва имҩаԥысит Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәы­латәи Афедерациа Аиҳабыра Рхан­тәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки рхантәаҩ­рала Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеи­­цуразы Аиҳабыра­б­­жьаратә комиссиа XIX аилатәара.

SPUTNIK Аԥсны – 8 шықәса

16 Ԥхынкәын 2022 10:54
Декабр 8 азы аирамш азгәанаҭеит аинформациатә маҵзура SPUTNIK Аԥсны. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны уи цәырҵит 2014 шықәса декабр 8 азы. Убри инаркны амаҵзура асаит аҟны есымша, ес-сааҭ ирқьыԥхьуеит Аԥсны аиԥш, уи анҭыҵгьы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызку ажәабжьқәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me