Аԥсуа ботаниказы ахкы ҿыцқәа

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет агеографиеи, агеографиа-биологиатәи афакультет акафедра адоцент, агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аҭҵаарадырратә ҟәша анапхгаҩы Инга Ҭаниаԥҳа дреиуоуп зыбжьы мыргаӡакәан, зхи зыԥси адҵаны аҭҵаара знапы алаку аҵаруаа. Акыр шықәса инеиԥынкыланы напхгара рылҭоит аԥхынтәи аекспедициақәа, ашьха ҳаракырақәа рахь дцоит астудентцәа лыманы. Аҵарауаа сынтәа алҵшәа бзиа рымоуп.

Риҵатәи амилаҭтә парк аҭҵааразы аекспедициа еиҿнакааит Риҵатәи амилаҭтә парк аҭҵаарадырра аҟәша, аусурақәа мҩаԥысуан ииун мза 13 инаркны 15 рҟынӡа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны агәыԥ иалаз аусурақәа мҩаԥыргон Ачыбаҳтәи акарсттә массив аҿы иҟоу Кәыџба-Иашҭа зыхьӡу абнеибаркыраҿы. Аныҟәара хықәкыс иаман шамахамзар иуԥымлои, аиндемиктәи, ареликттәи аҵиаа хкқәа ралкаареи рыҭҵаареи. Аусура иалахәын аекспедициа напхгара азҭоз агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Инга Ҭаниаԥҳаи, уи лыцхырааҩцәа, аҵарауаа ҿарацәа ԥшьҩыки.
Ачыбаҳ ахалара ус имариаӡамызт, ашьхаҳаракырахь ихоу амҩа аидара уманы анысра закәу иаҿысхьоу ирдыруеит, аха зегь акоуп аҵарауаа ааԥсарада ԥхьаҟа ицон. Дара гәыӷрала иҭәын иҿыцу аҵиаахкқәа шырыԥшаауа азы. Аекспедициа Қәыџба-Иашҭа аҟынтәи ашьхараҿы аныҟәара иазыманшәалоу амашьынақәа рыла ҩажәа километра инарзынаԥшуа Мрагыларахьы рхы рханы аӡиас Ԥшыц аганахь инаскьеит. Шьмақә адәҳәыԥш аҿы иҟоу абнахьчаҩ иҩны хыҵакырҭа-ԥхьарҭахеит аекспедициа иалаз рзы. Аҵх анырхырга, ашьыжь шаанӡа алада-мрагыларахь ала Ачыбаҳ ашьхахь ахалара иалагеит.

«Аекспедициа зныз амҩа даара иуадаҩын. Амҩа ашьха дәҳәыԥшқәа ирықәсны ицон. Аусуратә ныҟәарақәа џьоукы иԥсшьароу џьыршьоит, аха уи ус акәӡам. Ҳазныз амҩаҿы иаҳбаз аҵиаахкқәа рацәаӡан, аха урҭ идыру, иҭҵааз ракәын, ҳара ҳзышьҭаз даҽакын–уаанӡа Риҵа иахьаҵанакуа ирымбац аҵиаақәа. Сара издыруан ашьхараҿы аҵиаақәа рызҳашьа шдаҽаку, урҭ урылагьы алаҟәыраҿы изызҳауа раасҭа уаҟа акырӡа ишхазу. Аха ари аҩызаҵәҟьа сазыԥшымызт, ҳаскьынхкқәак аҵлақәа иаарыдҩало иҳаракын. Ҳныҟәара аруадаҩуан ацәаакыра, аӡаӡа рацәан. Аҵиаақәа убриаҟара аӡаӡа рықәын ақәаршҩы ҳақәшәазшәа ҳарбааӡартә. Шьыбжьон шыҟаз ицәырҵит чҳашьа змамыз ашоура, уи ашьхақәа ирҟазшьоуп, аҳаракыраҿы ҭыԥ-ҭыԥла аԥша ахәхәаҳәа иасуеит, аха амраца уаблыр алшоит иузгәамҭаӡакәан, убри аҟынтәи ахыхьчара аҭахуп, лҳәоит аҵарауаҩ рныҟәара шалагоз лгәаларшәо.

Иҵегь аҳаракырахь ианхала аекспедициа иалахәыз рыбла иазаатит уаҩы ишьапы ахьымнеиц, аԥсабара ԥшшәеилаԥса рацәала иҭнахызшәа иҟоу аҭыԥқәа. Ака­рсттә ҟазшьа змоу аҭаҳарақәеи, аҩхаақәеи, урҭ ирыҵхәрааны иаауа асырӡ ӡиасқәеи, аӡиа маҷқәеи, асыԥсақәеи, зегьы раасҭа иџьашьатәу аҵангәарқәеи. Аҵарауаҩ илҳәоит убраҟа агәыԥ иалаз ишырыԥшааз «вороновник прелестный» зыхьӡу аҵиаа. Адунеизегьы зымҽхакны измаз ашәышықәсақәа раԥхьа аҭыԥ змаз аҵаа ду ҟалаанӡа изызҳауаз аҵиаахкқәа «авороновникқәа» ҳәа ирышьҭоуп, ҳәара аҭахума, урҭ ижәытәӡатәиқәоу ишреиуоу. Иара уажәгьы Аԥсны ашьхақәа рҿы дара рҽыԥхьакны ирызҳауазаап.

Ианызба уамашәаҵәҟьа искит, избан акәзар, ҳара ҳада Ачабаҳ иахьаҵанакуа аӡәгьы имбаӡацызт иара. «Вороновник прелестный» аҵаҟаҵәҟьа иаҳбеит «Ятрышник Шпицеля». «Ятрышник Шпицеля» ҭиҵаахьан аҵарауаҩ Николаи Михаил-иԥа Альбов 1895 ш. рзы. Уи аахыс ирымбаӡацызт, Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарраҿы иҟоуп ҳәагьы рыздыруамызт.

Убри аҭыԥ азааигәара иазҳауан умашәа иубашаз, иссирӡаз ҵиаа дук, анаҩс ҳанылбаа ауп ианеилаҳкаа иара «двукисточник тростниковидный» шакәыз, уаанӡа, ҳара ҳаԥхьа, иара знык ирбахьан Лӡаа иахьаҵанакуаз, лҳәеит Инга Ҭаниаԥҳа.
Сара занааҭла сгеографуп, сботаникӡам, иуадаҩуп ашырҳәа иубо аҵиаақәа зегьы реилкаареи рдырреи, ашьхараҿы ахкырацәа шьаҿа цыԥхьаӡа ирызҳауеит. Агха сыхьыр ҳәа сшәан Шәачатәи ҳколлегацәа, аботаникцәа ирзысышьҭит, урҭ аҭак аарышьҭит ахкы иашаны ишышьақәҳаргылаз лҳәоит Инга Уасил-иԥҳа.

«Ятрышник Шпицеля» Альбов ашәҟәы иананиҵоз иахьиԥшааз Арбаика ашьхаҿы акарсттә ҭаҳарақәа рзааигәара ауп. Аҵарауаҩ Альбов ашьхақәа ҭиҵаауаан, ахьыӡқәа риҭон. Аԥсуа ботаника ахәышҭаара амца ахы еибазыркыз иара иоуп, анаҩс дцәырҵит Колоковски, урҭ рышьҭахь аҭҵаарадырра иацырҵеит аԥсуа ҵарауаа-аботаникцәа.

Инга Ҭаниаԥҳа илҳәоит иҵегь мышқәак иаанхазҭгьы еиҳаны аҭҵаарақәа шыҟарҵоз, аха ашьхараҿы аусура ус имариамызт, агәыԥ лбаар акәхеит. Агеографцәа Ачыбаҳ ашьха афлора аҭҵаараан 11 ҵиаа хкы рзы аҭҵаарақәа мҩаԥыргеит, иааидкыланы 200 рҟынӡа агербариатә бӷьқәа еизыргеит.
Риҵатәи амилаҭтә парк зеиԥшыҟам ԥсабаратә комплексуп. Иара Колхидатәи арефугиум иахәҭакуп. Арефугиум зыхьӡу аҵәахырҭа ауп. Даҽакала иаҳҳәозар аҵаа ду иацәынхаз, аендемикқәа рахь иаҵанакуа аҵиаақәа реизакырҭа, рыҵәахырҭа. Араҟа ирызҳауеит апланета акәакьқәа рҿы уаҳа иуԥымло ахкқәа. Урҭ рахьтә ашәарҭара иҭагылоугьы ыҟоуп. Иаҳҳәап ашыц, уи хызшьаауа ахәаҷа уажәыгьы аԥхасҭа аҟаҵара иаҿуп. Аха, Инга Ҭаниа лажәақәа рыла, аҵиаақәагьы адунеи иқәу зыԥсы ҭоу зегьы реиԥш рхатәы стратегиа рымоуп. Уи иабзоураны ауп дара миллионшықәсала еиқәханы изаауа. Дара шамахамзар ауаҩы дахьзымнеиуа, дахьӡымнаӡо аҭыԥқәа рҿы ирызҳауеит. Аҵарауаҩ илҳәоит адунеитә катаклизм дук ҟамлар арҭ аҵиаақәа ашәарҭара ишҭагылам. Избанзар «астратегиа» ацныҟәара еиқәнархоит.

Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы иҵәахуп миллионшықәсала анеирҭа змам аҭыԥқәа рҿы изызҳауа аҵиаа лыԥшаахқәа. Рицатәи апарк аҵиаахкқәа ҳәа иахьазы ашәҟәы иҭагалоуп 1200 инареиҳаны еиуеиԥшым аҵиаақәа, урҭ рҟынтә 225 хкы имаҷӡоу рахь иаҵанакуеит, аендемикқәа рахь 176, ареликтқәа рахь 49 хкы. Аҵаруаҩ илҳәоит апарк афлореи афаунеи, даҽакала иаҳҳәозар аботаникатә еиԥшымзаареи абеиареи, аԥсаатәи аԥстәи реиқәырхара ԥхьаҟатәи аҳәынҭқарра аԥеиԥш иашьагәыҭу акы акәны ишыҟоу. Убри инамаданы асеиԥш иҟоу иуникалтәу аҭыԥқәа реиқәырхара атәыла аҩныҵҟатәи аполитка иахәҭакзароуп. Ачибаҳ акәша-мыкәшатәи аҭҵаарақәа иҵегь ирыцҵахоит, ирацәоуп ҳаԥхьаҟатәи ҳагәҭакқәа. Инга Ҭаниаԥҳа лажәақәа рыла , хылаԥшра зҭатәу азҵаарақәа рацәоуп, урҭ ираԥхьагылоуп иуникалтәу аҵиаақәа рыхьчара. Иаҳҳәап, ашьхаҳаракыраҿы изызҳауа «рябчик широколистный» ҳәа изышьҭоу мамзаргьы «абнатә тиульпанқәа» ҳәа ззырҳәо ашәҭқәа гәымбылџьарала ирызныҟәоит, иҿырхуеит, аха урҭ рылакьысра ҟалаӡом, дара ашәҟәы ҟаԥшь иануп. Ааҵарауаҩ, лыстудентцәа лгәы рыздуны иазгәалҭоит ишҳамоу зыԥсадгьыл бзиа избо, аԥхьаҟатәи уи аԥеиԥш знапы иануҵаша аҿар.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me