Есышықәса, нанҳәа 28 рзы адунеи ақьырсиан жәлар иазгәарҭоит Анцәа иан лылацәаеиқәыԥсара амш. Аԥсуаа уи Нанҳәа ҳәа иашьҭоуп.
Шьыжьнаҵы ақьырсианцәа ауахәамақәа ирҭаауеит, Анцәа имҵахырхәоит, ацәашьқәа адыркуеит. Нанҳәа ныҳәа азкуп Анцәа иан Мариа данԥсы ашьҭахь лыҷкәын Иисуси лареи рыԥсқәа реиқәшәара.
Ари амш аҽны ақьырсианцәа рџьынџь ҩнаҭақәа рҿы еиқәшәоит, аишәа фатәыла идырхиоит, иргәаладыршәоит здунеи зыԥсаххьоу рыуацәа, рҭынхцәа, ацәымза адыркуеит.
Нанҳәа аныҳәа аназгәарҭо ақәшәоит аҿа-маҿа аҭагалара аамҭа. Убри инамаданы аишәаҿы иқәырҵақәо иреиуоуп: абысҭа, ашә, акәты,ачашә, аҳампал, аԥш жәны, ҿыц иҟалаз ашәыр хкқәа, ацха, ахаа-мыхаақәа, иара убас акакан иалху ачыс хкқәа. Ажәакала аишәа дырхиоит ҭагалантәи аҿа-маҿала.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me