Иван Миқаиа 75ш. ихыҵит

Апоет, апрозаик Иван Миқаиа 75 шықәса ихыҵит. Иван Ирод-иԥа Миқаиа диит (29.07.1949) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп.Очамчыра араион И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол далгеит (1967). Иреиҳау аҵара иоуит А. С. Пушкин ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә инстиут афилологиатә факультет аҟны (1972).


Акыр шықәса Қарҭ дынхон. 1972-1984 шш. раан аус иуан Қарҭ ақалақь еиуеиҧшым аусҳәарҭақәа ркомҿареидгылатә еиҿкаарақәа рҟны. 1978-1984 шш. рзы – аусҳәарҭақәа аҭыҧантәи рпартиатә еиҿкаарақәа рҟны. 1982 ш. акәзар, Бақәатәи иреиҳау апартиатә школ далгеит. 1984 ш. аусура диаган Қырҭтәыла аҵара аминистрра иаҵанакуаз Қарҭтәи азаанаҭ-техникатә ҵараиурҭа аиҳабыс. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) иҭаацәеи иареи Владикавказ (Нхыҵ-Уаҧстәыла) иҟан, Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааҧсыреи рзы агәыҳалалратә цхыраара аиҿкаара инапы алакын.
2006 ш. инаркны Аҧсныҟа дхынҳәуеит.


И. Миқаиа ашкол данҭаз инаркны апоезиа агәыблра шьҭикааит. 1960-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа нахыс иҩымҭақәа апериодикатә кьыҧхь ианылон.
Раҧхьатәи иажәеинраала «Ашықәс ҿыц» ахәыҷтәы журнал «Амцабз» ианылеит. Иреиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара аниҵоз ашықәсқәа раан иҩымҭақәа ркьыҧхьуан ажурнал «Алашара», агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны»), «Акоммунизм ахь» («Ерцахә») рҟны. Даҽа занааҭк инапы шалакызгьы, апоезиа дацәхьаҵны иҟамлацызт, арҿиара агәацҧыҳәара иман.


Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аҟәа иҭижьхьеит ажәеинраалақәа реизгақәа: «Агәыӷра», «Аҵх шкәакәа», «Амш асаркьа», «Алахьынҵа аҧша», «Имыцәаз акәицқәа», «Алакәқәа рышҭа» (Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа), «Аԥсҭазаара ашәақәа» (Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа) уҳәа.
Алитературадырҩы, аҵарауаҩ В. Агрба апоет И. Миқаиа ирҿиамҭақәа дрыхцәажәо иҩуан: «Апоет раԥхьатәи ицәаҳәақәа Турихәы аӡыхьқәа реиԥш ицқьоуп, уи ахәы инықәышәшәо аԥшалас еиԥш иласуп».
«Ажәытәи аҿатәи, ацәгьеи абзиеи, аибашьреи аҭынчреи, агәырҩеи агәырӷьареи, иарбан ирныумбало ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа», –Г. Аламиа абас дрыхцажәоит И. Миқаиа ирҿиамҭақәа.
Ҵабыргны, апоет иҩымҭақәа ирныԥшуеит ихаҭа аԥсҭазаара дшахәаԥшуа, ишидикыло, уи иара ихатә дунеи ауп. Аԥхьаҟагьы еиҳау ақәҿиарақәа изыԥшызааит.
Иван МИҚАИА


АԤХЫӠҚӘА…
Сеиԥхыӡуеит ишашаӡа мрацак.
Сеиԥхыӡуеит икьагәаӡа мзаҿак.
Сеиԥхыӡуеит ажәҩан иҵәцоу,
Бла зхьымсыц аӡыхь еиԥш ицқьоу.

Среиԥхыӡуеит саамҭақәа рыхәҭак.
Среиԥхыӡуеит ииша цәаҳәақәак.
Сеиԥхыӡуеит аӡаӡа икаҳәуа,
Ашәҭқәа рӡамҩа згәыӡуа.

Сеиԥхыӡуеит икәеикәеиуа цқьарак,
Сеиԥхыӡуеит иԥшьоу лахьынҵак.
Среиԥхыӡуеит изымбац храқәак,
Исазҳәаша ицәырган маӡақәак.

Среиԥхыӡуеит зынгьы сызҭиуаз,
Среиԥхыӡуеит сзыхьчаз, сеиқәзырхаз.
Среиԥхыӡуеит сҩызцәа, зыгәра згаз,
Ихьаазгоит заа исыцәцаз.

Среиԥхыӡуеит сызхылҵыз нцәахәқәак,
Амзашеиԥш исыцу сахьцалак.
Сыхҭаркуеит аԥхыӡқәа зынӡак,
Исԥыларызеишь уаҵәы ианшалак?..
АМРА ИЦӘХАЛАЗ АҞӘАРА
Амра ицәхалаз аҟәара гәаҟуан,
Аӡиас иаҵәа ԥхыӡ иабон.
Агәалашәараҿ уи кәеикәеиуан,
Ашьшьыҳәа ииасны ицон.

Аамҭа ныҳәан, аӡиас ныҳәан,
Абна мшынҵас ицәқәырԥон.
Аԥсаатә рашәа хаарак аҵан,
Игәышьҭыхган ихышәшәон.

Ара ԥсшьарҭан, ҽыкәабарҭан,
Аӡи амреи рыхьдыршон.
Хәыҷгьы-дугьы ирзыраҳаҭран,
Шьыбжьы анааиуаз рқьаф ҟарҵон.

Шеи-шықәсала абас иааиуан,
Аԥсҭазаара аҽаршәшәон.
Уааи ԥсабареи еиҭаниааиуан,
Кьыс рымамкәа еицынхон.

Иахьа урҭ зегь гәалашәаран,
Ӡыда иаанхаз аҟәара шабон.
Хьаак, гәалак ажәҩан иалан,
Амра адгьыл еиҟәнаршьшьон…

СА СЗЫ АҚӘА КӘАШОН
Ахыр-хырҳәа ақәа идәықәлаз,
Ҳкәасқьа ахыбаҿ икәашон.
Зымҩа ҟьалан уаха иқәхаз,
Сыцәа мааиуа аҽаӡон.

Ақәа ашьҭыбжь гарашәоушәа,
Игәырҭынчган сгәы иҭашәон.
Схәыҷра абжьы хаагь саҳауашәа,
Сгәалашәарақәа сдырԥхон.

Ақәа ашьҭыбжь уаха иҿыцӡан,
Сықәра схаршҭны иагон.
Шьапхырҟьаҟьа ҳашҭа снықәлан,
Иара сацкәашар сҭаххон.

Иагхан иааиз сыцәагь хааран,
Ацхарпеиԥш агьама збон.
Ахәыԥшӡаҿ зегьы-зегь гәакьан,
Сара сзы ақәа кәашон.

УНЕИЛА СҨЫЗА, УАРА УШӘАРҬАМ
Узҭаху, иуҭаху анугым,
Узықәгылоу адгьыл мҵысуа,
Ушьҭамҭа ашәиԥхьыӡ анацым,
Ишыцқьо, ишыраӡо, ианаауа.

Унеила сҩыза, уара ушәарҭам,
Уаԥыл уаԥхьа иузыԥшуа.
Аԥсҭазаара мазеи шарҭам,
Амшын қашьхан иузаауа.

Амҩақәа зегь ашәҭ рныԥсалам,
Имҭагә-ҭасуа, имҵысуа.
Ауаҩытәыҩса дбаша-машам,
Мышказы имииуа, имԥсуа.

Унеила сҩыза, уара ушәарҭам,
Ҳаҟоуп макьанагь иухьыԥшуа.
Аҩыза ида аӡәгьы дхәарҭам,
Дрыцҳауп зхала крызфауа.

Иутәым, иухәҭам, адгьыл уқәым,
Уи узшьамуп, узырԥхауа.
Нас ушеибгоу умҩамсыр ҳақым,
Иныҳәан ушьҭахь инхауа!

СНАПСЫРГӘЫҴА
ИНАНЫРТӘАЛАН
Снапсыргәыҵа инаныртәалан,
Адунеи сахӡыӡо искуп.
Ажәҩан агәы амра хшәалан,
Икажжы аԥхарра иаҿуп.

Са сзыхӡыӡо, амра иахьаам,
Агәы ҭынчуп, абла хтуп.
Ажәҩан иаҵәа агәгьы акалам,
Икеикеиуа хыхьӡа иԥшуп.

Адунеи хәыҷ иахьа ишшәарҭо,
Иқәу зегь ирбар сҭахуп.
Ирацәахарцаз иара зшаҭо,
Цәашьыркыла иԥшаатәуп.

Адунеи хәыҷ асаркьоуп изҩызо,
Иԥымҽырц, еиқәхарц ихьчатәуп.
Рыгәқәа рҭынчны, рыԥсқәа еивырго,
Иқәынхо ҿиалар, ԥсаԥуп.

Снапсаргәыҵа инаныртәалан,
Адунеи сахӡыӡо искуп.
Уи шыскыҵәҟьоу схала ихасҵан,
Аамҭа бзиак сазыԥшуп.

АҾАРА АԤХЫӠҚӘА
Исықәзыԥсо асы шкәакәа,
Сықәра саргәырӷьоушәа асырбоит.
Сҭазыҳәҳәо уахынла рыкәа, —
Сҿара аԥхыӡқәа сыҵхқәа дыршоит.

Сҿара аԥхыӡқәа сызгәакьоуп,
Абзиабара ашәа рҳәоит.
Исызцәырырго зегь ԥшӡароуп,
Дара рҿы сыҟазар сҭаххоит.

Исыцрымшәо сықәра сыцуп,
Џьара саԥыршәар ҳәа ишәоит.
Зны исхыхьуп, зынгьы исгәыхьуп,
Уи сзаԥырҵуам, ишаазгац иаазгоит.

Сҿареи сажәреи зеинаалом,
Хазы-хаз еиқәымшәо инхоит.
Сҿара ԥшӡа сзаԥылом,
Сыԥхыӡаҿ иахьызбогь сар

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me