Ишдыру аиԥш, Асовет ҳәынҭқарра аилаҳара инашьҭарххны ҳауаажәлар ирхыргаз аибашьра ааха ду анаҭеит Аԥсны аекономика зегьы ааидкылан, шьаҭанкыла иаԥсахит ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа, ҳқыҭақәа рхаҿсахьа. Уаанӡатәи аколнхарақәеи асовнхарақәеи анеилабга, уаҟа аус зуаз ауааԥсыра усурҭада иаанхеит. Ақыҭауаа, аиҳарак аҿар, ақалақьқәа рахь рхы дырхеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа акыр ауадаҩрақәа рызцәырнагеит ауаажәлар реиԥш, Аԥсны аиҳабырагьы. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩнҵҟа, изныкымкәа–иҩынтәымкәа анапхгара аҽазышәарақәа иаадырԥшыз ирыбзоураны, ишьақәгылаз абри аҩыза…
Абас ахьӡиҵеит аскульптор Архип Лабахәуа ҿыц иааиртыз аскульптура аӡыршә. Уи ықәыргылоуп Аҟәа, Леон имҩаду аҟны Аҧсны Амилаҭтә банк амузеи аҿаҧхьа. Аскульптура аартрахь иааиз рҿаҧхьа дықәгыло, Архип Лабахәуа иазгәеиҭеит, ари аидеиа иара иҵазҳәаз амузеи анапхгаҩцәа Асҭамыр Ҭаниеи Беслан Бараҭелиеи шракәу. «Ари аирыӡ аҧара ҿырпқәа зҭышәшәо, сара избеит амузеиаҿ. Аҧараҿырп – аџьаз иалху антикатәи аамҭа иатәуп. Сара иаҧысҵеит аҵан, алегенда излаҳәо ала,…
Иван Миқаиа аҧсуа литератураҿы иацы иахьа дцәырымҵит. Акыр шықәса ҵуеит уи аҧсуа поезиа дазааҧсоижьҭеи. Ааигәа аҧхьаҩцәа ироуит ишәҟә ҿыц «Ашьхақәа рхы ладырҟәӡом» еиднакылоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҧиҵаз ажәеинраалақәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me