Аибашьра ҳаҧсадгьыл ахәрақәа ианнаҵаз иахьагьы ҳардысуеит, иҳақәыҕәҕәоит, иаҳныруеит. Еиҳагьы иаблуеит аибашьра зхызгаз, иалагылаз, зҩызцәа звыршьааз… Урҭ ахьаа рыҧсы ахьынӡаҭоу ирыцзаауеит. Ҳаиқәзырхаз ҳфырхацәа рхаҿсахьақәа лаша-лашауа ҳҭоурых иагәылҷҷаалоит. Урҭ рзы дынцәахәны Владислав Арӡынба раҧхьа дгылазаауеит.