Абар, шьҭа аа-шықәса ҵуеит Урыстәылаҟа зхы зырхаз Донецки Лугански руаажәлар есымша, ес-сааҭ рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуижьҭеи. Иҟамлацт мышкы, мраҭашәараа меигӡарахда ирырҭо абџьар хкқәа рыла арҭ адгьылҵакырақәа ирыламхысуа. 2014 шықәсазы Украина имҩаԥысыз «ареволиуциа» – дара ртәала, Маидан ҳәа изышьҭо, атәыла ду ажәлар еиҟәнашеит – шьоукы Мраҭашәараҟа, шьоукы дара шьаладала, бызшәала, динхаҵарала жәытәнатә аахыс изларсыз Урыстәылаҟа.