Аԥсны аҳҭны-қалақь Аҟәа, Ахақәиҭра Ашҭа иахьа иҭәуп хәыҷыла. Есышықәса еиԥш сынтәагьы гәацԥыҳәарала идырхиеит ақалақь Аԥсаӡ хада. Уи инаҷыдангьы ашҭа ҭбаа дырԥшӡоит еилыԥхаауа аԥсаӡ маҷқәа, алашара згәылыԥхаауа еиуеиԥшым ахәмарга блахкыгақәа. Абар иааигәахоит 2024-тәи Ашықәс ҿыц. Ииасуа ашықәс иацыз агәеиҵахарақәа наҟ инаскьаго, ҳаԥылоит Ашықәс ҿыц.