Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image
Сентиабр 10 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Адыгеиа днеит, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура. Административтә ҳәааҿы ашьыбжьышьҭахь атәыла Ахада еиҳабыс дызмоу Аҧснытәи аделегациа дырҧылеит Аҧыза-министр Азнаур Керашев.
Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика ашҟа иусуратә ныҟәара инақәыршәаны, сентиабр 9 азы Аслан Бжьаниа дырҧылеит ауаажәларра, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаҧхарала аибашьцәа-аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәарақәа. "Сгәы иҭеижьҭеи акрааҵуан шәара шәышҟа аара, аха апандемиа иахҟьаны апланқәа зегьы рыҧсахра сықәшәеит. Иахьа абра сыҟоуп, исныруеит дарбанзаалак игәеисыбжь, сазхиоуп шәзыӡырҩра, шәгәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара", – иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.
Сентиабр 9 азы Аслан Бжьаниеи Аҧснытәи аделегациеи аҭааит Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика аул Ҳабез аҟны иҟоу Леон иорден занашьоу Мусса Дауров инышәынҭра, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.
Административтә ҳәааҿы Аҧснытәи аделегациа дырҧылеит Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Муаед Кунижев.
Сентиабр 8 азы Аҳәынҭқарра Ахадеи Аҧснытәи аделегациа иалоуи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы рықәызҵаз Ҟарачы-Черқьестәыла аҟнытәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа рбаҟаҿы.
Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликахь иныҟәара аан Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.
Сынтәатәи аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы Аҧсны аҩнуҵҟа ахәыҷқәа рыдкылара иазхианы иаатит 153 школ. Урҭ рахьынтәи 60 – қалақьтә школқәоуп. Уаҟа аҵара рҵоит 17 нызқьи 66-ҩык ахәыҷқәа. Ақыҭа школқәа ыҟоуп – 113. Уаҟа аҵара рҵоит 11 нызқьи 56-ҩык аҵаҩцәа. Аҧсны аҩнуҵҟа иҟоуп аҧсуа школқәа 60, аурыс – 52, аурыс-аҧсуа школқәа – 16. Иара убасгьы, 25 аерман школқәа. Ахәыҷбаҳчақәа ракәзар – 39, аколлеџьқәа…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me