Аминистр иинтервиу: Аҳәынҭқарра уасхырс иамоу

Сынтәатәи аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы Аҧсны аҩнуҵҟа ахәыҷқәа рыдкылара иазхианы иаатит 153 школ. Урҭ рахьынтәи 60 – қалақьтә школқәоуп. Уаҟа аҵара рҵоит 17 нызқьи 66-ҩык ахәыҷқәа. Ақыҭа школқәа ыҟоуп – 113. Уаҟа аҵара рҵоит 11 нызқьи 56-ҩык аҵаҩцәа. Аҧсны аҩнуҵҟа иҟоуп аҧсуа школқәа 60, аурыс – 52, аурыс-аҧсуа школқәа – 16. Иара убасгьы, 25 аерман школқәа. Ахәыҷбаҳчақәа ракәзар – 39, аколлеџьқәа – 5. Абарҭ аҵаратә усбарҭақәа русура шеиҿкаау, еихьӡарақәас ирымоу, мамзаргьы ҧынгылақәас иҟоу уҳәа ртәы дазааҭгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа  агазеҭ "Аҧсни" ателехәаҧшра "Абазеи" ириҭаз аинтервиу аҟны.

Уи зегьы раҧхьа иргыланы ахәыҷқәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи аҵара шықәс ҿыц алагара рыдныҳәало, ирзеиҕьаишьеит ақәҿиарақәа, аманшәалара, агәабзеира. Ҩышықәса рыҩнуҵҟала Аминистрра иалшаз аихьӡарақәа ртәы дазааҭгыло, Инал Габлиа иазгәеиҭеит акадрқәа рыла шамахамзар ишеиқәшәоу аминистрра аусбарҭа. Аха ирҭахуп аӡәык-ҩыџьак аспециалистцәа. Аҿыц знеишьақәа иабжьырго рзы  асоциологцәа, ҳбызшәатә ҭагылазаашьа ибзиаӡаны иҭызҵааша, аналитикатә зҵаарақәа, астатистика реизгара уҳәа аус адызулаша акадрқәа рҭахуп.

 Ашколқәа рҟны акәзар, арҵаҩцәа разымхара азҵаара џьара-џьара иҵарны иқәгылоуп. "Ари азҵаара анцәырҵыз аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акәӡам, уажәшьҭа жәаба-жәохә шықәса инареиҳаны иҵуеит амаҭәарқәа аматематика, физика, химиа уҳәа рырҵаҩцәа разымхара азҵаара цәырҵижьҭеи. Иҟоуп ашколқәа арҵаҩы иара имаҭәар акәымкәа, акадрқәа разымхара иахҟьаны, даҽа маҭәарк данаҧхьо. Абарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны, ҳарҭ иалаҳгалеит Росатом ацхыраарала апроект ҿыц – "Атомкласс". Абраҟа ацклаҧшра аҳҭоит афизикеи, аматематикеи, аинформатикеи", – ҳәа азгәеиҭеит аминистр.


  • Аепидемиологитә ҭагылазаашьа

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адунеи ахьынӡанаӡааӡо зхатә ҧҟарақәа шьақәзыргылоз аҿкы чмазара "covid-19" иахьатәи аамҭа иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар, маҷк иҧсыҽхеит. Иахьа изыхьуа рхыҧхьаӡара зынӡаск ишмаҷҩымгьы, уи еиҳа ахгара мариахеит. Инал Габлиа иажәақәа рыла, ашколқәа рҟны аҭагылазаашьа макьаназ иҭышәынтәалоуп. Имаҷҩуп ари ачымазара зыхьуа. Иарку аклассқәа, мамзаргьы ашколқәа ҳәа акгьы ыҟам.

Абраҟа иацаҳҵарц ҳҭахуп аматериал акьыҧхь иазҳархионаҵы аҭагалазаашьа маҷк аҽшаҧсахыз. Хаҭала иаагозар, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҟны иҟалеит иадыркыз аклассқәа. 


  • Арҵага шәҟәқәа

Жәохә-ҩеижәа шықәса ракәым, инеиҳангьы иҵуеит Аҧснытәи ашколқәа рҟны хәыда-ҧсада аиҳабыратәи аклассқәа рзы арҵага шәҟәы ҿыцқәа рмоуижьҭеи. Сынтәатәи ашықәс, ииун мзазы Аҧсны ашколқәа зегьы рҟны ашколхәыҷқәа ирыҭан Урыстәылантәи иаагаз ашәҟәы ҿыцқәа. Уи еиднакылоит 5-тәи акласс инаркны 7-тәи аклассқәа рҟынӡа арҵагатә шәҟәқәа. Ари даараӡа ицхыраара дууп есышықәса ашәҟәқәа аазхәоз аҭаацәа рзгьы. Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа иажәақәа рыла, Аҧсныҟа иаагоуп 161 нызқь цыра ашәҟәы ҿыцқәа, жәибжь хырхарҭала. Ахәҧса иартәоит 60 миллион мааҭ инареиҳаны.  Абри азы ҭабуп ҳәа реиҳәоит ацхыраара рызҭаз Урыстәылатәи Афедерациа, хаҭала Урыстәыла аҵара министр Сергеи Кравцов аҧхьа днаргыланы. Иара убасгьы Аҧсны анапхгара.

Ари раҧхьатәи шьаҿоуп.  Иааиуа амзақәа рзы ҩаҧхьа Аҧсныҟа иаагахоит ажәабатәи ажәеизатәи аклассқәа рзы арҵага шәҟәқәа. Аабатәи ажәбатәи аклассқәа рзы акәзар, урҭгьы ашықәс нҵәаанӡа ироуп ҳәа иазыҧшуп.

 Иҟоуп араионқәа, ашәҟәы ҿыцқәа ахьазымхаз. Иаҳҳәап, Гагра араион. Аминистр иажәақәа рыла, уи азҵаарагьы азҧхьагәаҭоуп.

Ашколқәа ҿыц ироуз арҵага шәҟәқәа ракәзар, рхаҭабзиара даара иҳаракуп, арҵаҩцәагьы аҵаҩцәагьы агәаҳәара рнаҭоит  рнапаҿы ирку ашәҟәы ҿыцқәа. Аха абраҟа ицәырҵит зҵаарак, акык-ҩбак ашәҟәқәа ҳапрограмма иақәшәом, даҽа шәҟәқәак (ажәытәтәи аҭыжьымҭақәа) шәыҧшаароуп ҳәа ахәыҷқәа иахьрарҳәаз ҟалеит. Абри азы аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа иазгәеиҭеит, ҳапрограмма иақәшәоит ма иақәшәом ҳәа азҵаара ақәыргылара шиашам. "Ашәҟәқәа рызшан заанаҵ, иахәаҧшны, иҭҵааны, ахәыҷқәа ирызнаргартә еиҧш аамҭа рыман арҵаҩцәа. Абри ашәҟәы ҳадаҳкылоит егьи ҳадаҳкылом ҳәа аӡәгьы аҳәара азин имаӡам, иҳауз ашәҟәқәа ҳхы иаҳархәар ауп", – иҳәеит Инал Габлиа.

Аҭыҧан иҭыжьыз арҵага шәҟәқәа ракәзар, ҩышықәса ирылагӡаны, зегьы ааицҵаны рхыҧхьаӡара наӡоит 75 нызқь рҟынӡа. Урҭ иреиуоуп аҧсуа бызшәа, алите-ратура, ацхыраагӡақәа, алабҿабатә хархәагақәа. Уажәааигәа иҭыжьын ашәҟәы ҿыц, аҧсуа бызшәазы аҩбатәи ашықәс арҵага шәҟәы, Ада Кәарҷелиаҧҳа авторс дызмоу.  Уи иацуп аусуратә тетрадқәа. Ари ашәҟәы Аҧсны анҭыҵгьы аӡбахә бзианы ирҳәахьеит. Иара иацуп аудио дҵақәа. Уи ахәыҷы дазыӡырҩыртә еиҧш алшара имоуп. Иара убасгьы аус рыдулара иалагеит  ашәҟәқәа ирыццо амультфильмқәа. Иааиуа ашықәс азы анбан ҿыц аҭыжьра ргәы иҭоуп. Абызшәа ҿыц аҵара иалаго рзы алабҿабатә хархәагақәа ҭрыжьит. Уаҟагьы иҟоуп аудиотә версиа.


  • Абызшәа здыруеи иззымдыруеи

Аӡәгьы изы имаӡаӡам иахьа ҳбызшәа ахархәара ахьысҳара ҕәҕәаны ишамоу. Изыхҟьазаалакгьы уи апроблема ҵарны иқәгылоуп. Раҧхьаӡакәны ашкол ашҟа зшьаҿа еихызго ахәыҷы, аҧсуа школ ахь акәзар дахьнеиуа, хымҧада ибызшәа бзианы идыруазар ауп. Мап анакәха, издыруагьы иззымдыруагьы гәыҧк аҟны ианеицыҟала, урҭ изларзыманшәалоу – аурыс бызшәала ацәажәара иалагоит. Абри азҵаара ӡбашьас иамоу дазааҭгыло, Инал Габлиа иҳәеит иахьа аҧсуа школқәа зегьы рҟны аиҵбыратәи аклассқәа рҟны амаҭәарқәа зегьы аҧсышәала ишырхысуа. "Ахәыҷы актәи акласс ахь даннеиуа, ибызшәа ҧсыҽны ианидыруа, уи зегьы раҧхьаӡа иргыланы арҵаҩы ауадаҩрақәа лызцәырнагоит. Убри аҟнытә, еихшалатәуп гәыҧ-гәыҧла. Еиҳараӡакгьы уи иалагатәуп ахәыҷбаҳчақәа рҟны",– ҳәа азгәеиҭеит уи.

 Даҽа знеишьакгьы дазааҭгылеит аминистр. Уи ҿырҧштәыс иааигеит Ҭырқәтәыла  иибахьоу аметодика.  Ҩыџьа арҵаҩцәа ыҟоуп гәыҧк аҿы. Аӡәы ҭырқә бызшәала драцәажәоит, даҽаӡәы англыз бызшәала. Убри ала, ахәыҷы ахәыҷбаҳча даналго, ахьхьаҳәа ҩ-бызшәак еиҟараны идыруа дҟалоит ҳәа азгәеиҭеит Инал Габлиа. Убри аан уи иҳәеит, Ҭырқәтәыла ҳара ҳбызшәа иахьа иамоу апроблема шыҟам, уаҟа рбызшәа еиҳа ахархәара шамоу.  Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит абызшәа аҵараҿы зегьы раҧхьа игылазар шакәу ахәыҷы ахәыҷбаҳчахь днеиаанӡа, хышықәса рыҩнуҵҟа иҭаацәараҿы иаҳауа абызшәа шакәу ишьҭикаауа, уи анаҩсан ахәыҷбаҳчаҿы ишхаирҭәаауа, ишышьақәирҕәҕәо. Иагьиашоуп. Ахәыҷы ацәажәара даналага нахыс ибызшәа шьҭимкаар, анаҩс уи инҭкааны ишахәҭоу еиҧш аҳәара, аҵара ицәыуадаҩхоит.


  • Аҧсуара – ашколтә программахь

Аҧсуара атема ашколтә программа иалагалатәуп ҳәа агәаанагара имоуп аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа. Уи иажәақәа рыла, еиҿыркаахьеит аусуратә гәыҧ. Уи азы рхы иадырхәоит ҳашәҟәыҩҩцәа русумҭақәа. Иара убас, ааигәа  Урыстәылатәи аҵара Академиа абиблиотекаҿы ирҧыхьашәеит аҧсуара иазку урысшәала иҭыжьу ашәҟәы. Абас еиҧш аматериал еизганы, факультативҵас ма акласстә сааҭҵас аиҿкаара ргәы иҭоуп. Макьаназ експеримент ҳасабла иалырхуеит ҩба-хҧа школ. "Аусура анеиҿакаахалак, алҵшәа иаҳнарбоит иҳахәоу-иаҳмыхәоу ахәыҷы иааӡараҿы", – иҳәеит Инал Габлиа.

Иахьа Аҧсны аҩнуҵҟа иҟало амҩатә машәырқәа маҷк раҧырҟәҟәааразы ахәыҷы дшыхәыҷу ихшыҩ аҟны иаанхартә еиҧш, амҩаҿ ахымҩаҧгашьа, азеиҧштә ҧҟарақәа рдырра уҳәа рылааӡара иазку асааҭқәа ашколқәа рҟны иаҳҭахума ҳәа иқәгылаз ажурналист изҵаара аҭак ҟаҵо, аминистр иазгәеиҭеит уи шхымҧадатәу. "Уи ахырхарҭала аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи ҳареи аус еицаҳур ауп. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы уи мҩаҧгалатәуп ахәыҷбаҳчақәа рҟны. Урыстәыла аҳәынҭқарратә хәыҷбаҳчақәа рҟны арҭ асааҭқәа мҩаҧыргоит ахәыҷы дырхәмаруа. Аҧҟарақәа идырбоит, идырҵоит. Убри ахәыҷы игәникылоит, ихаҿы иаанхоит. Ҳарҭгьы убас еиҧш асааҭқәа мҩаҧаагалар ауп иҵегьы инарҵауланы, иахьа амҩатә машәырқәа иҟало  ҳасаб рзуны", – иҳәеит уи.


  • Аҵаҩы иҧырхагоума аҭел?

"Сара сгәанала, аҭел акәӡам иаҳҧырхагоу, иаҳҧырхагоуп ииашамкәа азнеишьа. Арҵаҩы иҭаххар, аҭел ихы иаирхәоит аҵаратә процесс аҟны. Иҿыцу атехнологиа ҳхы иаҳархәар, изҧырхагада?! Аха убри иазалхзароуп аамҭа. Ахәыҷы идыруазар ауп аҭел ахархәара азин анимоу. Мамзаргьы, арҵаҩы Татиана Инаҧшьҧҳа лыҿцәажәараҟны ишылҳәаз еиҧш, уи илымоуп акласс аҩнуҵҟа акәалаҧ, аурокқәа ианрылагалак нахыс ахәыҷқәа рҭелқәа убраҟа иҭарҵоит, ажәакала ирымоуп аҧҟара", – ҳәа азгәеиҭеит  Инал Габлиа.

Иахьа Аҧснытәи ашколқәа рҟны зегьынџьара акәымзаргьы,  аҧсихологцәа ахьыҟам даара ирацәоуп. Еиҳараӡакгьы Очамчыра араиони Гагра араиони. Абри азҵаарагьы аганахь иаанрыжьуам аҵара Аминистрраҿы. Ари апроблема аӡбаразы азнеишьақәа рыҧшаауеит.  Школцыҧхьаӡа аҧсихологцәа рмоургьы иҟарҵарц рҭахуп агәыҧ, аҧсихологцәеи аҳақьымцәеи еидызкыло. Нас школцыҧхьаӡа аус рыдырулоит ашколхәыҷқәа. Урҭ хықәкыс ирымоуп, еиҳараӡакгьы аиҳабыратәи аклассқәа рҟны аҵара зҵо ахәыҷқәа рымҩақәҵара, иалырхырц ирҭаху азанааҭ азы ацхыраара рыҭара. Ахәыҷқәа реилибамкаара аганахьала апроблемақәа аныҟало, мамзаргьы зымаха-зышьаха уашәшәыроу ахәыҷқәа аныҟоу, ирхымыччалартә еиҧш уҳәа акыр азҵаарақәа рыӡбара.


  • Аҵаҩцәа рдырра аҩаӡара

Абри азҵаара аҭак ҟаҵо Инал Габлиа дазааҭгылеит инеиҧынкыланы Аҧсны аҩнуҵҟа зегьынџьара аҵаратә процесс аҩаӡара лаҟәуп ҳәа аҳәара шиашам. Иара игәанагарала, иҭҵаатәуп, еилкаатәуп иарбан школу, мамзаргьы иарбан классқәоу аҧсыҽрақәа ахьыҟоу. Аҵаратә процесс аҩаӡара ҳаракхарц азы, арҵаҩцәа рквали-фикациа ашьҭыхразы абар ҩышықәсоуп имҩаҧыргоижьҭеи "Жәларбжьаратәи ашкол ашықәс арҵаҩы". "Арҵаҩы изанааҭ даара ихадоу занааҭуп, уи иџьабаа ахәҧса шәалатәуп. Аҳәынҭқарра акәзар, ацклаҧшра иаҿуп, иасышықәса иахьынӡалшо ауалафахәқәа рыцҵаразы. Сгәыҕуеит, арҵаҩы изанааҭ аҳақьым иеиҧш ихадоу занааҭны иҟалоит ҳәа", – азгәеиҭеит аминистр. Иара убасгьы иаарласны ихацдыркраны иҟоуп "Ашықәс арҵаҩы" ҳәа иҟаз аицлабра. Уаҟа иазгәаҭахоит апремиақәа, ауалафахәы ашьҭыхра. Ҽааназы иазырхиоуп апрограмма (афинансқәа Рминистрра адгылара рырҭап ҳәа ргәы иаанагоит) агранттә система абызшәа арҿиаразы.


  • Ашколқәа реиҭашьақәыргылара

Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо сынтәа жәиҧшь школ рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧган. Иага убас акәзаргьы, иахьа иҵарны иқәгылоуп азҵаара ақалақьқәа рҟны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи разымхаразы. Аминистр иажәақәа рыла, иахьатәи аҭагылазаашьа аагозар, фышәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчахь рцаразы аҭыҧ рзымхаӡеит.

Иара убасгьы иҟоуп ашколқәа зынӡаск ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара ахьмаҷугьы. Еиҳараӡакгьы ақыҭа школқәа рҟны. "Ҩ-школк, х-школк еидуҵар ауеит, ахәыҷқәа автобусла ашкол ахь инауго. Аха ари азҵаара аӡбара ус имариаӡам. Аҿагылара аиургьы алшоит. Усҟан арҵаҩцәа усурҭа ҭыҧда иаанхо рацәаҩхоит", – иҳәеит Инал Габлиа. 

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра уасхырс иамоу аҵарадырра шакәу. "Ирҕәҕәатәуп ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, агәабиарахьчаратә система. Убасҟан амилаҭгьы рҽеиҵырхуеит, аекономикагьы ҿиоит.  Уи азы  зҭорых бзиа избо, збызшәа здыруа, згәы бзиоу ахәыҷы дҳааӡароуп. Убасҟан, иахьа иҳамоу апроблемақәа жәашықәса жәохә шықәса рышьҭахь иаҳмоур ауеит. Избанзар, иҿыцу абиҧара ирылшоит убарҭ азҵаарақәа рыӡбара. Раҧхьатәи ашьаҿа ахьыҟаҵатәу ҳхәыҷбаҳчақәа рҟны ауп", – иҳәеит Инал Габлиа.


Шарида Торчуа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me