Мҩамш, аимҵакьачара!

Аԥсуа ҭоурых иагәылаку адаҟьақәа, иара убас иахьатәи аамҭазы нбан-нбанла зҽеизызго аҭоурых иаҳнарбоит аԥсуа даԥсуаны дҟазҵо уи имилаҭтә ҷыдарақәа шракәу. Иԥсадгьыл, ибызшәа, икультура иузырҟәымҭхо ирыдҳәалоуп аԥсуа ихаҿра аазырԥшуа амилаҭҭә хәмаррақәа. Уи аԥсуа имилаҭтә беиара иацызҵо малуп.

«Ԥхьаҟа, ԥхьаҟа!» игоит еи­хы­мсыӷьуа ахәаԥшцәа рыбжьқәа. Ҩ-гәыԥк рхы-ргәы азышьҭ аимҵакьачара ихәмаруеит. Ахәмарыҩцәа ракәзар, рҽазыршәоит еимгеимцарак иалагӡаны аҳауа ишало адгьыл ахь икашәо ампыл хәыҷ ашьҭԥаара. Уажәыҵәҟьа кәаталак сгәыԥ иазацысҵап ҳәа агәыӷра иманы ахәмарҩы ампыл хәыҷы кны дыҩны дышнеиуа иоуеит аԥынгыла, егьи агәыԥ ахәмарыҩцәа дааныркылоит, уимоу дагькарыжьыр рылшоит. Харантәи иԥшуа ахәаԥшҩы изгәамҭар алшоит ахәмарыҩцәа рыгәқәа аҭҳара-аҭҳараҳәа ишеисуа, абыржәык еилагарак ҟамландаз, абыржәык аӡбаҩ итрышә абжьы мгандаз ҳәа ишхәыцуа. Ари аицлабраҿы иааԥшуеит ауаҩы имоу ачҳара, аилҟьара, ахықәкы азнеира шилшо уҳәа. Аха зегьы инарҷыданы, ари ахәмарра ианыԥшуеит ауаҩы иааӡара зеиԥшроу, дызцыхәмаруа ҳаҭырла дахьынӡаизныҟәо. Ахәмарра аҳәаақәа ирҭагӡаны аиндаҭлаҩ дкаҳаргьы, уи дказыжьыз инапы ииҭароуп, дгыларц азы дицхраароуп. Ари ахәмарра арҿиеит ҳмилаҭ рдунеихәаԥшышьа, урҭ аԥсҭазаара рыдкылашьа, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы рхымҩаԥгашьа, уи ианыԥшуеит аԥсуаа рҷыдара, ажәада ауаҩы иеилнаркаауеит уи аԥызҵаз.
Аимҵакьачара ижәытәтәиу ԥсыуа милаҭ хәмарроуп. Аҭоурых ишаҳәо ала, аԥсуаа еиуеиԥшым агәырӷьаратә ныҳәарақәа анымҩаԥыргоз аҽырыҩрақәа рышьҭахь ихымԥадатәны аимҵакьачара ихәмаруан. Аԥсуаа еснагь гәцаракрыла ирызнеиуан рыбаҩ зырҵәуаз ахәмаррақәа. Аимҵакьачараҿы хадара ауеит аҽхәыц иалху ампыл хәыҷы. Ҩ-гәыԥк рхаҭарнакцәа ирылдыршароуп уи ампыл хәыҷы кны изындаҭло агәыԥ рыдәҳәыԥш азбжахь анеира. Дара ироуеит аԥынгыла, аха урҭ аԥынгылақәа ирхысны, аиндаҭлаҩцәа рыдәҳәыԥш азбжахь инеиз игәыԥ иазирҳауеит акәаталақәа рхыԥхьаӡара.
­Цәыббрамза ­алагамҭазы аста­дион «Ди­намо» аҿы ахәа­ԥшҩы иба­рҭан аамҭа иаԥнаҵаз цәқәырԥашәк иргәылсны, ашәышықәсақәа раԥхьа ҳажәлар иаԥырҵаз ахәмарра аимҵакьачара азы аицлабра шымҩаԥысуаз. Аимҵакьачара аиҭаҿиара амҩа ианылон, уи иацнаргон ахәмарыҩцәа гәышьҭыхгас ирымаз ахәаԥшцәа рыбжьқәа.
Цәыббрамза 4 рзы астадион «Динамо» аҿы раԥхьаӡакәны ихацыркын аимҵакьачара азы жәларбжьаратәи аицлабра. Иара еиҿкааҩцәас иаман Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, иара убас Аҟәа ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа. Аицлабра иалахәын ҳтәыла аҟынтәи аа-гәыԥк: Афон, Дәрыԥшь, Аҷандара, Кәтол, Ԥақәашь, Ҷлоу, Аҟәатәи абжьаратә школ №1, Аҟәатәи абжьаратә школ №5, иара убас Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа еиҿыркааз агәыԥ.
Аицлабра Аԥсны ихацыркхаанӡа уи аиҿкааҩцәа хықәкыс ирыман Ҭырқәтәылаҟа ацара. Уа, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ахьынхо, Ҭырқәтәыла, Сақариа иаҵанакуа аԥсуа делегациа ҩ-мчыбжьа имҩаԥнагон аимҵакьачара азы аҟаза- иклассқәа. Урҭ анхыркәшаха ашьҭахь еиҿкаан 15-ҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ. Уи иалахәхаз ироуит алшара Аԥсныҟа аара.
Амилаҭтә хәмаррақәа реиҭаҿиара иазку апроект хацыркхеижьҭеи хышықәса ҵуеит. Ари ашықәс азы апроект анагӡара иадгылеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы.
Аицлабра актәи амш хацыркын Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ашәҭ­шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Аицлабрақәа раартраан адныҳәаларақәа ҟаҵо иқәгылеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, АААК Аҟәатәи аҟәша анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа, Ҭырқәтәыла иҟоу Балбалы (Калдахәара) ақыҭа ахада Ерџьаи Паҷкориа. Дара иазгәарҭеит аԥсуа милаҭ рдоуҳа иахәҭаку амилаҭҭә хәмаррақәа рзы аицлабра аиҿкаара хҭыс дуны ишыҟалаз, уи аҭоурых ишаныло, насгьы аиԥш зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа есааира рымҩаԥгара шхымԥадатәиу.
Иазгәаҭатәуп, аҵак ду шамоу ари аицлабраҿы Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ралахәхара. Дара реиҵбацәа ирыларааӡоит аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рахь абзиабара, уи иабзоурахоит ҳџьынџьуаа рҭо­урыхтә ԥсадгьыл ахь ирымоу агәбылра аизҳара.
Раԥхьаӡакәны еиҿкааз аицлабра иалахәыз рзы ари раԥхьатәи шьаҿан дара рзы уи хадан. Дарбанызаалак иҽазишәон аԥҟарақәа дрықәныҟәаны, игәыԥ аиааира азаагара. Астадион аҿы аҳра ауан аԥсуаа ржәытә хәмарра, уи уажәы еиҳагьы адоуҳамч аман, избанзар аҭоурых иналаӡ имцеит, иара аиҭаҿиара амҩа ианылеит.
Актәи амш аҽны еицлабуаз агәыԥқәа иаадырԥшит абас еиԥш иҟоу алҵшәақәа: Афон-Ҷлоу – 0:18; Ҭырқәтәыла-Кәтол – 20:3; Ԥақәашь-Дәрыԥшь – 2:9; Аҟәатәи абжьаратә школ №1- Аҷандара – 26:0; Аҟәатәи абжьаратә школ №5 - Кәтол – 35:9; Ԥақәашь-Афон –17:26 ; Ҭырқәтәыла - Аҷандара – 25:2; Дрыԥшь-Ҷлоу – 2:32 .
Аҩбатәи амш азы ҩаԥхьа еицлабуан агәыԥқәа. Аамҭа иалнакаауан иаҳа зылшаз дызусҭоу. Араҟа агәеисыбжьқәа еиҳагьы еизҳауан, аминуҭқәа нымҵәандаз ҳәа ихәыцуаз рацәаҩхон, мамзаргьы аамҭа зырццакырц зҭахызгьы дубарын. Афинал аҟынӡа иаанхон аҵыхәтәантәи ашьаҿа. Афинал даараӡа иааигәан, аха уи азнеиразы ампыл хәыҷы лассы-лассы анапахьы иаагалатәын.
Еицлабуаз агәыԥқәа иаадырԥшит абас еиԥш иҟоу алҵшәақәа: Аҟәатәи абжьаратә школ №5 - Аҟәатәи абжьаратә школ №1 –11:6; Кәтол - Аҷандара –33:3; Ԥақәашь – Ҷлоу – 3:18; Аҟәатәи абжьаратә школ №1 – Адиаспора –5:14; Аҟәатәи абжьаратә школ №5 - Аҷандара – 62:0; Афон - Дәрыԥшь – 13:3; Аҟәатәи абжьаратә школ №1 - Кәтол – 6:14; Аҟәатәи абжьаратә школ №5 - Адиаспора – 6:8.
Ахԥатәи амш арҭ аицлабрақәа хзыркәшоз мшын. Шьаҿак бжьан ахраҿа аҟынӡа ԥшь-гәыԥк рзы: Аҟәатәи абжьаратә школ №5; Афон; Ҷлоу; Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа.
Аӡәырҩы ахәмарыҩцәа ари амш ргәалашәараҿы иаанхоит, лассы-лассы иргәаладыршәалоит, доусу илша далацәажәалоит, ирҳәалоит афинал аҽны ишауаз ақәа, аха уи ԥырхага рнамҭакәа иаанымгылакәа ишыхәмаруаз, ишашьҭаз аиааира ду ахь иназгоз ампыл хәыҷы.
Астадион аҿы игон амилаҭтә музыкатә рҳәагақәа рыбжьқәа. Аԥсшьара иазыԥҵәаз аамҭа анааи Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа амырзакан ала аԥсуа музыка адырҳәеит, уи иацкәашаз рацәаҩхеит, анаҩс амырзакан иацнаҵеит адаул абжьгьы. Ԥыҭраамҭак игон амузыка абжьы.
Афинал аҿы ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит Афони, Аҟәатәи абжьаратә школ №5 ргәыԥқәа. Актәи аҭыԥ ааныркылеит Ҷлоуаа, урҭ Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа ириааит 8:6 ҳәа.
Лассы-лассы ирҳәалоит ихадоу ахалархәра ауп ҳәа. Избанзар минуҭктәи ахәмарра ицәырнагоит ацәанырра бзиақәа, еизнарҳауеит ахәмарыҩцәа рԥышәа. Аиҳабацәа ирҳәалоит «Аиааира агеит аиҩызара» ҳәа. Ииашахаҭаны, ари аицлабраҟны аиҩызара аҭыԥ ҳаракхеит, избанзар аӡәырҩы еибадырит, аиҩызара рыбжьалеит. Ҳџьынџьуаа ракәзар, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны аҩызцәа дырҳаит, ирыԥшааит рыжәлантәқәа, ирбеит рыԥсадгьыл гәакьа.
Аимҵакьачара азы аицлабра анхыркәшаха ашьҭахь, ҳџьынџьуаа рзы еиҿкаан аекскурсиатә программа. Аҿар неит Афон Ҿыц, уаҟа иаҭааит Афон Ҿыцтәи аҳаԥы, Аԥсаратәи ашьха ихалеит. Ақалақь аҿы адиаспора ахаҭарнакцәа ирыцлеит аимҵакьачаразы Афон-Ҿыцтәи агәыԥ ахәмарыҩцәа. Урҭ рыхьӡала асасцәа ирырҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа – ахылԥарчи аҟамеи. Аекскурсиа аҩбатәи амш аҽны Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа аҭааит ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа, ирбеит аӡиа Риҵа. Уи аҽны адиаспора ахаҭарнакцәа ирыцын Ҷлоутәи агәыԥ ахәмарыҩцәа.
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа ирыҭан Аԥсны ишатәылауаау шьақәзырӷәӷәо атәылауаҩшәҟәы.
Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аҿар реидкылара, русеицура, реиҩызара уҳәа рзы ацҳақәа хырҵоит, аиҳабацәагьы амилаҭтә хәмаррақәа аԥеиԥш шрымоу агәра днаргоит. Уи алагьы ҳмилаҭтә ҷыдарақәа ыӡуам, иҿиалоит, рымҽхакгьы дырҭбаалоит.

Мадина Амҷԥҳа,
ААУ афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
ахԥатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me