Есышықәса жәабран ҩажәи хәба аҽны Кәтол ақыҭа уахьналало, иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟаҿы еизоит агәыҧ «Дельфин» иалахәыз аибашьцәа. Абаҟа амҵан ишьҭарҵоит ашәҭқәа, иргәаладыршәоит иҭахаз рҩызцәа. Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ргәалашәара аҿаҧхьа иааҭгыланы ихырхәеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.