Март 4 азы 13 шықәса ҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсҭазаара далҵижьҭеи. Жәаха шықәса уажәаԥхьа, 2010 шықәса март 4 азы акыраамҭа ихьуаз ачымазара хьанҭа иахҟьаны, иԥсҭазаара далҵит иналукааӡаша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи аусзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Ишдыру аиԥш, Асовет ҳәынҭқарра аилаҳара инашьҭарххны ҳауаажәлар ирхыргаз аибашьра ааха ду анаҭеит Аԥсны аекономика зегьы ааидкылан, шьаҭанкыла иаԥсахит ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа, ҳқыҭақәа рхаҿсахьа. Уаанӡатәи аколнхарақәеи асовнхарақәеи анеилабга, уаҟа аус зуаз ауааԥсыра усурҭада иаанхеит. Ақыҭауаа, аиҳарак аҿар, ақалақьқәа рахь рхы дырхеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа акыр ауадаҩрақәа рызцәырнагеит ауаажәлар реиԥш, Аԥсны аиҳабырагьы. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩнҵҟа, изныкымкәа–иҩынтәымкәа анапхгара аҽазышәарақәа иаадырԥшыз ирыбзоураны, ишьақәгылаз абри аҩыза…
Абас ахьӡиҵеит аскульптор Архип Лабахәуа ҿыц иааиртыз аскульптура аӡыршә. Уи ықәыргылоуп Аҟәа, Леон имҩаду аҟны Аҧсны Амилаҭтә банк амузеи аҿаҧхьа. Аскульптура аартрахь иааиз рҿаҧхьа дықәгыло, Архип Лабахәуа иазгәеиҭеит, ари аидеиа иара иҵазҳәаз амузеи анапхгаҩцәа Асҭамыр Ҭаниеи Беслан Бараҭелиеи шракәу. «Ари аирыӡ аҧара ҿырпқәа зҭышәшәо, сара избеит амузеиаҿ. Аҧараҿырп – аџьаз иалху антикатәи аамҭа иатәуп. Сара иаҧысҵеит аҵан, алегенда излаҳәо ала,…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me