Аԥсны Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц инагӡаны ишьақәыргылахеит. Жәабранмза 20, 2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟала Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәас ишьақәырӷәӷәахеит: Адлеиба Асҭамыр, Ашба Роберт, Гериа Роман, Џьынџьал Сократ, Кьычба Гәыли, Лолуа Лиудмила, Ломиа Оҭар, Миносиан Вараздат, Осиа Леонид, Ԥлиа Давид, Ԥиԥиа Ҭемыр, Страничкин Алеқсандр, Хапат Низам.
Хәажәкырамза 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2023 шықәса мшаԥымза-рашәа­рамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьареи анаԥхьара инақәы­ршәаны аррамаҵзура иахысуаз рхы рақәиҭтәреи рзы. 2023 шықәа мшаԥымза 1 инаркны рашәарамза 30-нӡа Аԥсны имҩаԥысуеит 18 шықәса зхыҵуа инадыркны 27 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ԥхьатәара иҟам, аррамаҵзурахь анаԥхьара иаҵанакуа атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьара.
Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 рзы Аҟәа, асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҟны имҩаԥысит аполитикатә партиа «Амцахара» XIV аизара ду. Уаҟа иалацәажәеит Аԥсны адәныҟатәи аҩнуҵҟатәи амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа, ауаажәларраполитикатә, аекономикатә ҭагылазаашьа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аизара ду даҭааит, Аԥсны Аҳәынҭқарра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит аделегатцәеи Аԥсны жәлари ихы рықәкны.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me