Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә наплакы «Арго-Инвест» Аԥсны атуризм Аминистрра ааԥхьарала атуризми асадкылара аиндустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыргақәаҵа MITT – 2023 ахы аланархәит. «Ҳара араҟа Аҟәа ақалақь аӡыргара, уи аҭоурых аиҭаҳәара, ҳаҳҭнықалақь акультура, аҭыԥ ԥшӡарақәа рылацәажәара азы алшара ҳамоуп. Ари Аҟәа ақалақьи иааизакны Аԥсны акурортқәеи атуристтә лшарақәеи рӡыргаразы алшара аԥызҵо зеиӷьаҟам плошьадканы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Арго-Инвест» адиректор хада Леуан…
Март мза алагамҭа инаркны ихацыркуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәеи, ҳтәыла араионқәа ршколқәа раушьҭымҭатә классқәа рҵаҩцәеи реиҧыларақәа. Ари аҩыза аусмҩаҧгатә уажәадагьы еиҿыркаахьеит, уажәшьҭа уи атрадициатә ҟазшьа амоуп. Сынтәатәи аиҧыларақәа хацыркын Тҟәарчал араион ала.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара 30 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me