Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Вальтер-мебель» – Аҧсны

Ааигәа, Аҟәа асасааирҭа «Интер-Сухум» аҿы имҩаҧысит Риазан ақалақь аҟнытә аҩнымаҭәа ҭзыжьуа анаплакы «Вальтер-мебель» аалыҵқәа рцәыргақәҵа. Ҳара ҳлыҿцәажәеит уи анаплакы ахаҭабзиара адиректор Антонина Виктор-иҧҳа Бриуховецкаиа.

«Ҳара иҟаҳҵо аалыҵ 50% – асасааирҭақәеи аресторанқәеи иртәуп. Иҟаҳҵоит ирацәаны адизаинертә ҩнымаҭәа. Иҳамоуп ҳхатәы дизаинертә гәыҧ. Ҳхы иаҳархәоит амҿтәлых, апластика, аба аганахьала еиуеиҧшым аҩа аус адаҳулоит», – лҳәеит лара.

Аҩнымаҭәатә фабрика «Вальтер» еиҿкаауижьҭеи шьҭа 20 шықәса ҵуеит. Ари аамҭа иҭагӡаны акыр технологиала рыҽдырҭбааит. Дара ирылшоит дарбанзаалак иҭахрақәа аҽрықәыршәара. Аус адырулоит амҿлых, асаркьалых, иҧсабаратәым ахаҳә. Иҭрыжьуа аалыҵ акыршықәса ахархәара алшоит, убри аҟынӡа ахаҭабзиара ҳаракуп.

Аҩнымҭәатә фабрика «Вальтер» аҿы абарҭ ахырхарҭақәа ҳҧылоит, аклассикатә стиль, алофт, амодерн, скандинавиатәи астиль. Апроект ҿыцқәа – еснагь иуникалтәуп, заказцыҧхьаӡа разнеишьагь хазхазуп.

Аҩнымаҭәалых хаҭабзиарала аҟаҵара инаҷыдангьы, дара русураҿы аҵак ду амоуп, ахшыҩзцара ду азыруеит уи аҿазҵо ауааҧсыра рдокументқәа аус рыдулара, ианаамҭоу азаказ анагӡара.

Инарыгӡо азаказқәа иреиуоуп аҩнымҭәа: адиванқәа, астолқәа, еиуеиҧшым аҟәардәқәа, ашкафқәа, акаруаҭқәа.

Аҭыҧ ду ааннакылоит русураҿы асасааирҭа-ресторантә бизнес азы, абаҳчақәеи – апаркқәеи рзы аҩнымаҭәақәа. Рыхәқәа ракәзар, еиуеиҧшым аҭахрақәа ирықәшәоит.

Ара, Аҧсны рыҟазаара иалагӡаны аҩнымаҭәатә фабрика «Вальтер» ирыдыркылеит асасааирҭа аҟнытә азаказқәа. Зхаҭабзиара ҳараку аалыҵ ҭзыжьуа раҧхьаҟагьы аиҵыҵра шырзыҧшу агәра гоуп. Арираҧхьатәи шьаҿоуп «Вальтер-мебель» аалыҵ Аҧсны дырбаразы.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me