Аҭәаҵла раҧхьатәи ахәышәтәҩцәа

Ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом! Киут Мамиа диит 1932 ш. азы Очамчыра араион Кындыҕ ақыҭан, унеишь-уааишь ҳәа зырҳәоз Киутаа анхацәа бзиақәа рҭаацәараҿы.

Урҭ иреиуан Кьагәа, Осман, Хапара, Мамсыр. Егри Ҧсоуи рыб­жьара еицырдыруаз уаан. Ажәлар рҿы, еиҳарак абжьыуаарҿ, џьара еизара дук ыҟазар, арҭ абыргцәа алахәымкәа уи аадыртуамызт. Ажәакала, абарҭ ирылиааз иакәын Мамиа Бадра-иҧа, ҽакала иаҳҳәо­зар, Хапара иабиҧара иаҵанакуеит Мамиа иаамҭа анааи, Кындыҕтәи абжьаратә школ дҭарҵеит. 10 класск данрылга, арра иҧхьоит. 3 шықәса ихганы иҩныҟа дааит, 1956 ш. азы џьара усурҭак сауазар ҳәа Тҟәарчалҟа дцеит. Ҧыҭрак ашьҭахь, 3-тәи ашахтаҿ аусура далагеит арацәа ҭызгоз адәыҕбаҿ, шықәсқәак рнаҩс нхарҭалагь деиқәдыршәеит, хара имгакәа аҭаацәарагьы далалеит.

1964 ш. ажьырныҳәа 26 рзы диит раҧхьатәи аҵеи, Гарик ҳәа зыхьӡырҵаз. Нас шықәсқәак рышьҭахь аиашьеи аиаҳәшьеи иоуит. Иаамҭа анааи, Тҟәарчалтәи ихарҭәаау абжьаратә школ №5 дҭалеит. Уи даналга 1981 ш. азы Аҟәаҟа дааит – дҭалоит Аиндустриатә техникум (техник-технолог) ҳәа амашьынақәа реибыҭара иатәыз аҟәшаҿы. 1-тәи акурс аҟны дыштәаз арра иҧхьоит. Арра-мшынтә флот аҟны хышықәса иуалҧшьа наигӡоит. Далан уаҟа еиҿкааз аспорт, зых иақәиҭу ақәҧараҿ кырынтәгьы аҧхьахәқәагь ианаршьахьан. Арра далган дана, Аҟәа дызҭаз атехникум ахь днеит, иҵара ацҵара далагеит. Иара убас, дызлаз аспорт ахьгьы дныҟәон. Аамҭала иҵара дышҭаз «Сухумприбор» аҿгьы кыршықәса ҽынла аус иуан, уахынла уаҟа аҵара иҵон апрограмма змаз аихацәра иадҳәалаз азанааҭ ала. Иҵара даналгагь, кыршықәса уа азауад аҿы аус иуан.

1989 ш. азы ақырҭқәеи аҧсуааи реидысларақәа зегьы дрылахәын, еиҳарак 1-тәи ашкол аҿы. Иахьа Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху аҧсуа школаҿ, ТГУ афилиал аартны аҧышәарақәа мҩаҧыргон, ҳаҷкәынцәа мчыла иҩналан аҧышәарақәа хдырбгалеит, Гарикгьы ҳаҷкәынцәа дрылан. Абра имҩаҧысуаз ахҭысқәа зегьы ибарҭан «Сухумприбор» аиҳабы Алу Гамахариа, Гарик ишьклаҧшуа иалагеит, ҳамҭакгьы усура дзымнеиӡеит. Иҟалаз ахҭысқәа цқьа еиқәтәаанӡа иҽҧхьакны дыҟан. Нас шықәсқәак ааҵуаны, 1992 ш. азы ақырҭқәа Аҧсны иақәлеит, аибашьра ҟалагәы­шьеит, Гарикгьы иашьа Виачеславгьы (Славик) еиханы Тҟәарчалҟа ицеит. Урҭ уаҟатәи авоенкоматаҿ иҭаҩын.

Гари абас игәалаиршәоит: Уаҟа ҳаннеи абџьар ҳарҭеит. Нас ҳаихшаны ахырҕәҕәарҭақәа рахь ҳдәықәырҵеит. Ажәакала, ҳҩызцәа ҳрылагылан, иҳалшо зегьы ҟаҳҵеит. Нас аибашьра анеилга, ҧыҭрак ашьҭахь Гәымсҭатәи хыхьтәи ацҳа ду даара ааха ду аман, ахиаҵыхәеи иҭаҧҽын, ишахәҭаз ишьақәҳаргылеит. 3-мзҟа убри ҳаҿын. Нас ҳалагеит Аҧсны еицырдыруаз Виктор Џьениеи иҧшәмаҧҳәыс Аҧсны жәлар рартистка Софа Агәмааи Аҭынчра амҩадуи Гоголь имҩеи ахьеихагалоу, убра ибылны игылаз ахыбра аиҭашьақәыргылара. Шықәсқәак рышьҭахь ахыбра ахархәарахь ираҳҭеит, абраҟагь ҽынла аус зуан. Уахынла атакси-машьына сақәтәан, ауаа мҩаҧызгон. Избанзар, аибашьра ашьҭахь ахныҟәгара ус имариамызт. Абри ахыбраҿ нас еиҿкаан Аквафон – аҭелеимадаратә гәыҧ, иара убас Аҿар ртеатр.

– Абарҭқәа рышьҭахь, – иажәа инациҵеит Гарри, – Аҟәа Ацәымзаркыра (Маиак) аҳаблаҿ гәыҧҩык аҷкәынцәа, абас 10-ҩык раҟара ҳҽеидаҳ­кылан, аидара зқәырҵоз машьына дуки аидарашьҭыхга кран дуки ҳаҧшаан, ирыгызирбзаз ҟаҳҵеит. Нас ҳалагеит (аихаӡа-металлолом) аизгара. Сҩызцәа ус сарҳәеит, Гарик ҩыџьа анеицугь аӡә деиҳабызароуп. Убри аҟнытә ҳуҳәоит, уара уеиҿкааҩ бзиоуп, еиҳабыс бригадирк иаҳасабала ҳаҧхьа уҳазгыл рҳәеит. Саргьы мап рцәысымкит, абас аусура ҳалагеит. Ҽнак шьыжьымҭанк авокзал аганахь ҳашцоз, гәыҧҩык ахацәа ҳамҩа ааныркылеит, рнапқәа шьҭыхны ҳмашьына аҧхьа иаагылеит. Амашьына сааҭыҵын, снарыдгылеит, иҳашәҳәозеи ҳәа сразҵааит. Ҳшәыҳәоит, абааҧсы, иҟалозар, шәыцхыраара ҳҭахуп амашьынеи акрани рзы, абра Турбазаҿ, МВО аҟны Аҧсни Урыстәылеи еицырдыруа аскульптор, асахьаҭыхҩы (иахьазы Аҧсны жәлар рсахьаҭыхҩы Адлеиба Амиран) иҟаиҵоз ҳфырхацәа рбаҟа мазеины ишьҭоуп, аагатәыс иҳамоуп, иацаахыс амашьынеи акрани ҳрышьҭоуп, иаҳмоуит рҳәеит.

Уаҳа ажәак дмырҳәакәа, даргьы ҳаҧхьа игылан рмашьынала рҿынархеит. МВО ҳнеин, абаҟа амашьына иақәҵаны, нас иақәҿаҳәаны иахьаҭыҧыз иааҳгеит. Иара хҧаҟа тонна акапануеит, аҳаракыра 5 метрак рҟынӡа иҟоуп. Ажәакала, асааҭ 10 рзы ашьыжь иналагаз, ахәылҧаз 18 сааҭ рзы ҳалгеит аҭыҧ жны, ишахәҭаз абҕанҷ еиларшьшьы (абетон) ҭарҭәааны иҟаҳҵеит. Абри ахҭыс сара сызлахәыз ауп.

– Абыржә ааскьа Лыхны ашҭаҿ ааилахәламҭаз, мшаҧымза 5 рзы, Аҧсны ахҭыс дуқәа ирхаану Аҭәаҵла ду Анцәа дызмам шьоукы, агәнаҳа дуӡӡа иаҵалеит. Абри ахҭысгьы слымҳа иаҳаз ауп, – иажәа инацҵо дҳацәажәеит Гарик. – Амза 7 рзы ашьыжь аусура ҳәа санааи, баҳчааӡаҩык иаҳасабала Аӡынба Дауҭ иҟны аус зуеит, Аминистрцәа Реилазаара иаҵанакуеит. Дауҭ исеиҳәеит иахьа асааҭ 12 азы аҵарауаҩ ду Бебиа Сергеи, нас аекологцәа зегь еицны Лыхнашҭаҟа ицоит, уаргьы урыхьӡа ҳәа. Сергеи Бебиа иҭел ҧшааны сизасит, иҟалозар саргьы сшәыццоит, аҵлақәа реиҭаҳара, ашәырқәа реихаҳара срызҟазоуп сҳәеит. Сахьнеишаз аҭыҧ сеиҳәеит. Ажәакала, ҳаиқәшәеит асааҭ 12 рзы, ирасҳәеит аихаҳара аан иҟоуп убри аҩыза аҵлага-аҷабга (Садовый вар), убри аахәан иааҳгароуп ҳәа, ус иагьыҟаҳҵеит. Нас Лыхныҟа амҩа ҳақәлеит.

Ҳара Аҧшьаҭыҧ аусзуҩцәагь иҳаҳаит абри иҟалаз ахҭыс, нас ҭелла зегь ҳаигәныҩит, Аҟәа ҳаиқәшәарц еибаҳҳәеит. Тҟәарчалтәи Аныхаҧааҩ Харчлаа Вахтанг (Вахо), иара убас Очамчыратәи Аныхаҧааҩ Шьынқәба Беслан, Аҧшьаҭыҧ аҟнытәи Борис, Хабыгә, Гари, абас зегь ҳҽеиқәыршәан ҳцеит Лыхныҟа. Уа ҳаннеи хыхь зыӡбахә ҳҳәаз Киут Гари, Бебиа Сергеи доусы зегьы акака ирҿын.  Гари ани иигаз аҷабга армазеира даҿын, аҷкәынцәа ирыдиҵеит ҧшьаала хыхь шәхалан, амахәқәа имаҷқәоу хыҵәҵәаны илбаашәышьҭ ҳәа. Дара ус иагьыҟарҵеит. Гарик амахәқәа ааркьаҿны иҧҟаны, ирҷҷаны аҵла аҧҟарсҭақәа мчыла дрықәҕәҕәан ибжьеиҵеит. Абраҟа даараӡа аҷкәынцәа ицхрааит. Еиҳарак Шәманиа Дима, уажәы зегьы рыхьӡқәа, рыжәлақәа ҳгәалашәом, нас аҷабгала зегь ҭашьыхаан иҟарҵеит. Аҵла аҩныҵҟа игәаҩоуп. Убрахьгьы Гарик дҭалан, амахәқәа рҷҷаны мчыла ибжьаҵаны, иҭашьыхны иҟаиҵеит.

Ақыҭа анапхгаҩы есымша уа дрыдгылан, иаарҭахыз зегь рыла дрыцхраауан. Ашьыхрақәа ианрылга, аихатә арматурақәа ҭадыргылеит, нас абҕанҷ еиларшьшьы ҭарҭәеит. Иара аҭәаҵла адәахьгьы, аҩныҵҟагьы аихац ҵәырхәақәа алаҵан иҟарҵеит. Иара аҭәаҵла ацәақәа џьара-џьара иамхны, аҧҟарсҭақәа рҿы аҳәызба иара ианаало ала иҭаҧҟаны иадирҷаблеит Гарик. Иара мчыбжьык Лыхныҟа дцо-даауа дыбжьан, ақәа ишарбааӡозгьы русқәа нарыгӡон. Ҽнак зны Гарик иҩызцәа ицырхыраан, итатаӡа иҟоу абамбеиҧш (губка ҳәа иҳышьҭоу) ижәпаны абетонаҿ иқәырҵеит, нас аҕәқәа рыла ихҟьаны иҟарҵеит. – Абас ҟасымҵар, ақәа анлеиуа зегьы абетон иҭаҳарҭәаз иажәуеит, – иҳәеит Гарик. – Насгьы амра ашра иалагар, аҭәаҵла иалоу аӡы зегьы абетон иажәуеит. Уи аҵла арҩар ҟалоит, убриазоуп ирацәаны агубкақәа абетон изықәысҵаз. Уи абетон маҷ-маҷ иажәлоит, аҵла иара адац аҟнытә аӡ иҩеиуа уи аҵла даара иахәоит. Уимоу, акран ала аӡгьы ааган иҟаҳҵеит, амра рацәаны ианыҧхо, абетон азхара аӡы анаҭоит. Шьҭа хара имгакәа, аҭәаҵла ашәҭра иалагоит, ашьхыцқәагь уа иналатәан ашәҭ амати еизыргоит, уи аҭәаҵла кырӡа иацхраауеит.

Ажәакала, раҧхьатәи ахәышәтәҩцәа Киут Гарик иҩызцәеи иареи роуп. – Абарҭқәа рышьҭахь, Китаинтәи ахәшәгьы азааргеит, уи аҵла иамыхәозар, акагьы иаҧырхагам, – абас иажәа хиркәшеит Гарик, иара убас ҳаргьы Аҧшьаҭыҧаа аҭәаҵла аиқәырхараз аџьабаа ду збаз, зегьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит.


Борис Қәҭалиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me