Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Уаҵәтәи ҳҧеиҧш знапы иану

Ииун 1 – ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш адунеи зегьы аҟны мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит. Аҧсны акәзар, уаҵәтәи ҳҧеиҧш знапы иану ахәыҷқәа рымш аҵак ҷыда арҭоит. Раионцыҧхьаӡа ари амш азгәарҭон.

Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟа ахәыҷқәа рныҳәа даара игәышьҭыхганы еиҿкаарыла имҩаҧган. Ҷыдала исҭахуп сазааҭгыларц С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театр ашҭаҿы имҩаҧгаз аныҳәатә еиҿкаара. Б.Шьынқәба ихьӡ зху апаркаҿы еиҿкаан ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵақәа. Имҩаҧысуан еиуеиҧшым аицлаб­рақәа, ахәыҷқәа еиндаҭлон ашашка, ашахмат, атенис уҳәа рзы. Еиҿкаан ахәыҷқәа рзы аҟазара-классқәа. Апаркаҿы еизаз ахәыҷқәа дырлахҿыхуан алакә персо­нажцәа рымаҭәала еилаҳәаз афырхацәа.

Ҳалаҧш ҳзаҟәыгомызт уа еиҿкааз ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа, убарҭ иреиуоуп: Ҷкадуа Настиа (10 шықәса), Мира Қьышьмариа (9 шықәса) уҳәа рҭыхымҭақәа.

Ахәыҷқәа рымшаз адрамтеатр аҧхьа идырбан аныҳәатә концерт, уи мҩаҧигон Нарсоу Абыхәба.

Аконцерт хацыркын «Аҧсынра» иазкыз ашәа ала. Инарыгӡон агәыҧ «Иаирума», анапхгаҩы Анжела Дбар. Урҭ ирымырдеит акәашаратә гәыҧ «Назарет», асахьаркыратә напхгаҩы Ильда Қәычбериа.

Ахәаҧшцәа хәыҷқәа дырлахҿыхуан агәыҧ «Страза» рықәгыларақәа рыла, асахьаркыратә напхгаҩы Рамина Заде.

Акраамҭа еихсыҕьуамызт аҧсуа ашәақәеи, еиуеиҧшым акәашарақәеи. Ахәыҷқәа урҭ рҭаацәеи, иара убас хыҧхьаӡара рацәала аҧсшьаҩцәеи ари агәырҕьара иалахәын, аныҳәатә гәалаҟазаара зегьы ирҿықәын.

Акраамҭа адрамтеатр ашҭа ықәырҭәаа ахәыҷқәа рымш азгәарҭон.

Аконцерт анхдыркәша ашьҭахь, адраматә театр асценаҿы агәаҳәара змаз рзы хәыдаҧсада идырбан ахәыҷтәы спектакль.


Наира Санцба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me