Нестор Аполлон-иҧа Лакоба диит 1893 шықәса маи 1 азы Лыхны ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы. Иара иира мызқәак шагыз иаб дыршьит. Аҵара иҵон ауахәаматә школ аҟны, анаҩс иқыҭа гәакьаҿ ҩ-класск змаз ашкол далгеит. Дшыхәыҷыз инаркны деилҟьан, дҵарын. Қарҭтәи адоуҳатә ҵараиурҭагьы далгеит. Уаҟа аҵара иҵон 1905-1910 шықәсқәа рзы. Анаҩс, иара убас дҭалеит адоуҳатә семинариа. 1911 шықәсазы ареволиуциа апропаганда ахьыҟаиҵоз азы дҭырцеит. Иара убри…