Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы ашкол иалгаз 400-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа Аҟәа ақалақь, Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысыз аныҳәатә бал ахь еизеит. Уи аԥхьа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рмемориал амҵан, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан.

Сынтәатәи аҵарашықәс азы Аҟәа ақалақь азеиԥш ҵараиурҭақәа ирылгеит 474-ҩык аҵаҩцәа. Аҳҭны-қалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аспециалист хада Марина Аршба лажәақәа рыла, сынтәа аушьҭымҭацәа рбал аекспери­менттә ҟазшьа аҵоуп. «Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит аушьҭымҭацәа зегьы еиԥшны рхы рбо аҟаҵара. Зегьы иахьа ирылшаӡом зыхә дуу ашәҵатәы аахәара, убри аҟнытә, ҳара зегьы еиԥшны еилаҳәазаауеит ҳәа аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», – иазгәалҭеит лара. Даҽа асимволтә ҵакы зҵоу аҷыдара – доусы рышәҵатәы иану арыцхә «30». Уи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара Амш 30 шықәса ахыҵреи ареспубликаҿы аибашьрашьҭахьтәи 30-тәи ашколтә аушьҭымҭацәеи рсимволра ауеит.  

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит. «Ҳара зегьы ианҳаамҭаз ари игәыхыҭхыҭгоу, даара ишьахәу амҩа ҳанысит. Аҵара ашықәсқәа раан доусы аихьӡарақәа реиԥш, ақәымҿиарақәа иман. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәеи шәаԥхьаҟа иалышәхуа азанааҭ аҿы аманшәалареи», – иҳәеит иара. Ҷыдала зеихьӡарақәа рыла зҽалызкааз аҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит. Аиҿкааратә хәҭа анаҩс, зегьы ргәы хыҭхыҭуа иззыԥшыз аныҳәатә концерт иалагеит.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me