1945 шықәса лаҵарамза 9 азы асовет жәлар иргаз Аиааира егьа шәышықәса царгьы ахааназ ауаҩытәҩса ихамышҭуа, аҭоурых ианылаз хҭысуп. Ари Аиааира агара 30 миллион ҩык иреиҳауп зыҧсы ақәызҵаз. Гәдоуҭа араион аҟынтә 6913-ҩык алахәын. Изымхынҳәӡеит 2365-ҩык. Урҭ рахьтә 1560-ҩык аҧсуаауп. Иҟоуп аҭаацәарақәа: фҩык, хәҩык, ҧшьҩык, хҩык, ҩыџьа ахьҭахақәаз. Имаҷӡам зынӡа ашәқәа ахьакыз.

Ԥсра зқәым архәҭа

11 Лаҵара 2023 14:58
Аиааира Дуӡӡа 78 шықәса ахыҵра иазкыз «Ԥсра зқәым архәҭа» акциа мҩаԥысит маи 9 аҽны. Уи иалахәыз еизеит Аҟәа, Ахақәиҭра Ашҭаҿы. Аԥсны Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотови Аԥсны Афырхаҵа, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-Аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиеи аԥхьа инаргыланы, акциа иалахәыз рҿынархеит Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәала. Урҭ ааҭгылеит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.

Адныҳәаларақәа

11 Лаҵара 2023 14:50
Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлари Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира 78 шықәса ахыҵра рыдниныҳәалеит. «Ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи хаҵарала рыжәҩахыр неидҵаны, ԥхьаӡашьа змам ацәыӡқәа шроузгьы, анацисттә мпыҵахалаҩцәа ԥыхааса иқәырҵеит, ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы аҭынчреи ахақәиҭреи рыхьчеит. Агәра ганы сыҟоуп, Аиааира Дуӡӡа азеиԥштә доуҳатә ҭынха ҳаԥхьаҟагьы аидгылареи стратегиала аиҩызареи рганахьала Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ҳаԥхьаҟагьы иацхраауеит», – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me