Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Зхы-зҿы зхалашоз, аԥшӡара иакны иагоз, рхы шьҭых Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа амҩаду хадақәа ирнысуан 245-ҩык араион ашкол аушьҭымҭацәа. Урҭ ирызгәдуны ирылагылан араион Ахадара, астуденцәа, аҵара аҟәша аусзуҩцәа, ашколқәа рдиректорцәа, аклассқәа рнапхгаҩцәа, ашколқәа зегьы рҟынтә арҵаҩцәа реилазаарақәа, ауаажәларра, аҭаацәарақәа… Убарҭ зегьы ааҭгылан, 1992-1993-тәи ашықәсқәа раан ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз Афырхацәа рбаҟа аҿаԥхьа иргәаладыршәеит…
Ақалақь агәҭа апарк хадақәа ируаку аҟны «Аушьҭымҭацәа рбал» еиҿкаан.
245-ҩык аушьҭымҭацәа рҟынтә 11-ҩык ибзиаӡаны рҵара хдыркәшеит. Урҭ аӡәаӡәала асценахь инарыԥхьеит, ирыдныҳәалеит! Магамед-ԥҳа Лолита, Абӷаџьааԥҳа Диана, Ҭраԥшьԥҳа Сариа, Кәарацхьелиа Александр, Ҭаниаԥҳа Мирра, Ахԥҳа Алиса, Аӡынба Еснаҭ, Занҭариаԥҳа Сиузанна, Гыцԥҳа Анна, Аҩӡба Инал, Жьиԥҳа Анелиа. Иара убас аспортсменцәа – аушьҭымҭацәа иалкаахаз рыхьӡқәа рылаҳәан: Ԥкьын Леуарса, Гәымԥҳа Елизавета, Кьиркьинаӡе Марлен, Сангәлиа Виктор, Ҭаниа Шамиль. Далкааны ихьӡ ҳәатәуп Урыстәылатәи Афедерациа аҭачкәымҟьаразы ҩынтә ачемпион Качараа Саир Михаил-иԥа. Аушьҭымҭацәа имаҷҩымкәан Урыстәыла Афедерациаҿы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалахьоу ыҟоуп.
ААУ аҟны имҩаԥысуаз аолимпиада алҵшәақәа рыла 25-ҩык еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла адырра бзиақәа аадырԥшит. Урҭ ААУ иастудентцәахахьеит.
Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ртеатртә сценақәа рҿы аԥсуа милаҭтә ҟазара иаадырԥшыз азы рыхьӡқәа ҳәан: ансамбль «Аурашьа» (асахьаркыратә напхгаҩы Ҭаниа Валери), асолистцәа: Џьергьениа Дарафеи, Канделаки Серафима, Џьергьениа Саломеиа.
Акәашаратә ансамбль «Адац» (асахьаркыратә напхгаҩы – Дбар Руслан), асолист – Андресиан Алла.
Араион зегьы ахьӡала аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Аҩӡба Валери.
Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аиҳабы Ҳаразиа Адгәыр иазгәеиҭеит: – Ҳаушьҭымҭацәа, ҳгәы шәыладууп! Иахьа нахыс шәызнылаз амҩа арҭбаареи, уи иацу аизҳареи шәынасыԥ иахәҭакзааит, шәыгәҭакқәа рынагӡара шәразҟы иалазааит! Мҩамш шәықәлааит!..
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Лакоба Аслан иқәгылараҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьишьеит.
Аушьҭымҭацәа ирызкыз ахәылԥаз мҩаԥыргон: Кәарацхьиаԥҳа Сариеи Гәынба Адгәыри. Еиҿкаан аконцерт.
Гугуца Џьыкырба