Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Урыстәылан аҭагылазаашьа иазкны

Ииун 24, Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылан аҭагылазаашьа инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

«Ахатәы арратә еилахәыра «Вагнер» анапх­гаҩцәа иҟарҵаз бџьарла аҿагылара инамаданы, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент – Арбџьар Мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Владимир Владимир-иԥа Путин азакәан леишәа ашьақәыргыларазы имҩаԥиго аусқәа зегь рыла сышрыдгыло атәы сҳәоит.

Агәра ганы сыҟоуп, Апрезидент Владимир Путин игәаӷьреи иҟәыӷареи ирыбзоураны, аҵыхәтәантәи амшқәа рыхҭысқәа қәҿиарала рҭыԥ ишықәҵахауа Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциеи азакәанқәеи инарықәыршәаны. Аԥсны Аҳәынҭқарра иага ҭагылазаашьа ҟаларгьы иара аидгыларатә хыдҵақәа рынагӡара иацнаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа аҿаԥхьа», – иазгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа зегьы дрыԥхьеит, убрахь иналаҵаны арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥыргауа иҟоугьы, апровокациақәа рыҽрырымҭарц, азакәан иаҿагылауа аусқәа рхы рыладмырхәырц.

Иара убри аҽны Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала имҩаԥысит атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи реилацәажәара. Аилацәажәараҿы иҟан Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, – иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипрессмаҵзура.

Аилацәажәараҿы ирзааҭгылеит иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа рыдкылара шаҭаху Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟалаз аҭагылазаашьақәа инарымаданы. Урҭ ирхылҿиаарц алшоит адәныҟатәи ашәарҭарақәа рыӷәӷәахара, Аԥсны иахьаҵанакуа иҽеим, иҵоурам аусқәа рымҩаԥгара.

Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба агәра ганы дшыҟоу иҳәеит, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟалаз аҭагылазаашьа аҭыԥ ишықәҵахо азакәан инақәыршәаны, иара убри аан аилацәажәара иалахәыз рыхшыҩ азишьҭит аҳәынҭқарра ашәарҭадара азҵаара хадақәа рганахьала рымчқәа еизыркырц.

Амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьа атәы иалацәажәеит, иагьазгәарҭеит ҳазну аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа изакәызаалак хҭыс ҷыдақәак шаарԥшым, амчратә усбарҭақәа ишаабац аиԥш, аус шыруа. Убри аан, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит, иҟоу адырраҭарақәа рыла Аԥсны атәылауаа «Вагнер» ишалахәым.

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла, атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ амчратә усбарҭақәа анапынҵақәа риҭеит.

Аилацәажәара иалахәын атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Арбџьар Мчқәа рштаб Хада аиҳабы, атәыла­хь­чара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Владимир Савченко, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭемыр Ахьиба, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Русҭам Латипов, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me