Дыздыруан Хәыхәыт Шьаликәа-иҧа Бганба 1979 шықәсазы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет данҭала нахыс. Дахьгылаз аҭыҧқәа зегьы рҟны далкаан, дыццыкын, амцабз даҩызан. Агәеибафара, агәыцыхцыхра, зегь рызхьаара, зегьы рхаҵгылара зцәаҩаз иакәын. Аҧсны аҭагылазаашьа уадаҩ акәмызҭгьы Хәыхәыт Бганба ҵарауаҩ духәон хымҧада.