Автобус аныҟәара иалагоит 2026 шықәса жәабранмза 9 рзы, асааҭ 8:20 инаркны. Аус аулоит есымша, аԥсшьарамшқәеи аныҳәатә мшқәеи аламҵакәа.
Иҿыцу ахырхарҭала аныҟәара ахәԥса 15 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
«Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, ҳара ари ахырхарҭала автобус абжьаҵаразы алшарақәа ҳаԥшааит. Уи иалнаршоит хара инхоу астудентцәа рымҩа арманшәалара. Амҩақьыра акәзар астудентцәеи урҭ рҭаацәеи рфинанстә еидара акырӡа иарласуеит», – ҳәа азгәеиҭеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба.


