20 млн мааҭ аԥара азоужьра азгәаҭоуп арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылара аҿагыларазы апрограмма.
Арҭ амшқәа рзы асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аветеранцәеи, аибашьра аинвалидцәеи русқәа рзы Жәлар Реизараҿы иҟоу аилак имҩаԥнагеит аиԥылара. Уи иалахәын: адепутатцәа, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Ареспубликатә рҩашьыгатә диспансер аҳақьым хада Ирма Ануа, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба, анеирохирург Олег Оҭырба.
Аиԥылара иалахәыз ареспубликаҿы иҷыдоу амедицинатә инфраструктура аԥҵара иалацәажәеит.
«Апрограммаҿы ихадоу усмҩаԥгатәны иҟалоит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы иҷыдоу ашьапы ақәыргыларатә ҟәша аԥҵара. Уи иҿыцу, ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә мыругақәа рыла еиқәыршәахоит, арҩашьыгатә маҭәашьарқәа здызкыло ауаа акомплекстә цхыраара рнаҭоит, хазы иҟоу ҟәшаны иҟалоит», - ҳәа иҩуеит Феисбук идаҟьаҿы Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба.


