Аҵыхәтәантәи жәа-шықәса рыҩнуҵҟа ақыҭақәа рҿы ииуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҵахеит

Абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит аекономист Хатуна Шаҭ-иԥа Ауаажәларратә Палатаҿы имҩаԥысуа аилацәажәара аҟны.

«Аԥсны ақыҭанхамҩа акризис ӷәӷәа иҭагылоуп, ақыҭақәа рдемографиатә ҭагылазаашьа даара иуадаҩуп», – ҳәа азгәалҭеит лара.

Шаҭ-иԥа илҳәеит ақыҭанхамҩа алшарақәа еиҳа-еиҳа ишмаҷхо, уи ақыҭақәа рхаҿра шаԥсахуа, урҭ рекономикатә ҭагалазаашьа шыбжьнахуеит. Ақыҭақәа реиқәырхаразы ауснагӡатәқәа иаартны рылацәажәаразы ааԥхьара ҟалҵеит, атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы уажәтәи аҭагылазаашьа акырӡа ишыуадаҩу азгәалҭеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me