Гәалсра дула адырра ҟаҳҵоит Аԥсны аҵеи ду, аҵарауаҩ, апоет, апатриот иаша Владимир Константин-иԥа Занҭариа иԥсҭазаара дшалҵыз ала

Владимир Константин-иԥа агәаартреи ауаҩреи змаз зеиуа маҷу уаҩын. Уи амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи ихьыԥшым Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылареи рхыҵхырҭаҿ игылаз ахаҭарақәа дреиуан. Иԥсадгьыл аизҳазыӷьаразы лыҵшәа бзиала аус иуан, ахақәиҭреи асуверенитети ридеалқәа дрызиашаны даанхон.

Академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы — аҭҵаарадырреи акультуреи рҿаԥхьа илшамҭақәа дуӡӡоуп. Владимир Константин-иԥа иаанижьит аԥсуа жәлар рлахьынҵа иазкыз аҭҵаарадарратәи аҭоурыхтәи усумҭақәа рацәаӡаны. Иара икалам иҵыҵит афундаменталтә усумҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба изку ашәҟәқәеи иуникалтәу, зда ыҟам аҭыжьымҭа «Путини Аԥсни».

Арҭ аусумҭақәа аҵак ду рымоуп ҳаиашьаратә жәларқәа реимадара арӷәӷәаразы. Иҭынха аҵак ду шамоу азгәаҭо Арегионалбжьаратә ауаажәларратә еиҿкаара «Доброволец» ахантәаҩы Вадим Николаи-иԥа Мироненко иазгәеиҭеит уаанӡа хаҭала арҭ зыхә ҳаракӡоу ашәҟәқәа рекземплиарқәа Донецктәи аҳәынҭқарратә университет ҳамҭас ишеиҭахьаз, Донбасс астудентцәа ари автор ду иусумҭақәа рыла аҭоурых ҭырҵааларц алшара шрымаз.

Арегионалбжьаратә ауаажәларратә еиҿкаара «Доброволец» ахантәаҩы, Донбасс ацхырааразы Иаку аштаб анапхгаҩы Вадим Николаи-иԥа Мироненко адышшылара ҟаиҵеит:

«Иаку аштаб аколлективи, Жәларбжьаратәи ауаажәларратә еиҿкаара «Доброволец»,ахьӡалеи, Аԥсны Амшынеиқәатә казакцәа рыр аказакцәеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аказакцәа-аветеранцәеи зегьы рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи Владимир Константин-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула срыдышшылоит.

Владимир Занҭариа гәык-ԥсыкала, ламысла иҟаз уаҩын, гәыкала ҳреспублика ахьыԥшымразы дықәԥон. Иара иаанижьит ихьӡ наунагӡа ҳтәыла ашықәснҵара ианызҵаз зыхә ҳаракӡоу аусумҭақәа рацәаны. Уи иԥсра Аԥсны зегьы азы цәыӡ дууп. Игәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҿы иаанхоит».

Донбасс ацхырааразы иаку аштаби Арегионалбжьаратә ауаажәларратә еиҿкаара «Доброволеци» ажәлар зегьы ирыцгәырҩоит.

Донбасс ацхырааразы Иаку аштаб, Арегионалбжьаратә ауаажәларратә еиҿкаара «Доброволец».

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me