Адунеи ақьырсианцәа зегьы реиԥш Аԥсны ианвар 7 рзы иазгәарҭоит ақьырсиантә ныҳәа Иаса Қьырса Иирамш.
Ари аныҳәа азгәаҭара шьақәыргылоуп аиудеитә қалақь Вифлеем аҟны Ацқьа Мариа илыхшаз ауаатәыҩса реиқәырхаҩ Иаса Қьырса Иира инаркны.
Аԥсны акәзар, ари амш аҽны зыԥсҭазаара иалҵхьоу рҭынхацәа рызгәакьацәа реишәа дыргылон, иахьагьы аишәа зыргыло, ацәашьы азаркуа рацәаҩуп. Аха ақьырсиантә динхаҵара излаҳәо ала уи иашаӡам. Избанзар ари амш Иаса Кьырса Иира амш иазкуп.
Иахьа аҽаамҭанык еиԥшымкәа иҳамазароуп акзаара, аицхыраара, арыцҳеибашьара, Анцәа ихаҵара.
Гәык-ԥсыкала Аԥсуа жәлар зегьы ишәзеиӷьаҳшьоит Иаса Қьырса илԥха шәымазаарц!