Иԥшьоу аныҳәа хада

Аҧсуаа рҵас, рқьабз иузаҟәымҭхо, рмилаҭтә цәаҩа зныҧшуа акакәны иҟоуп имҩаҧырго аныҳәақәа. Даараӡа ҭакҧхықәралагьы иазнеиуеит урҭ рымҩаҧгара. Зегьы реиҳа ихадоу аныҳәақәа ирылыркаауеит Ажьырныҳәа.

Ашықәс Ҿыц иадҳәалоу, аха зхатәы ҭоурых змоу, акәама-ҵамақәа маҷымкәа изцу ари аныҳәа аҧсуаа иазгәарҭоит ргәацҧыҳәаны.
Ажьырныҳәа аҭоурых ҳазааҭгылозар, ажәытәан ирҳәон ари аҽны адунеи анышьақәгылаз амш ауп ҳәа. Азқьышықәсақәа раҧхьа ажәытә аҧсуаа зымҵахырхәоз анцәахәы хадақәа ируаӡәку Шьашәы ажьицәа хлаҧшра риҭоит ҳәа иҧхьаӡан. Ажьицәа аҧсуаа рҟны даараӡа ҳаҭыр-пату зқәыз ҟазацәан.
Ажәытәан аҧсуаа аӡәырҩы рыхшара жьицәа бзианы иҟаларц рҽазыршәон. Абасала ажьирҭа иҧшьоу ҭыҧны иҟалеит аҧсуаа рзы. Еиҳараӡакгьы уи аҟазара знапы алакыз шәышықәсала, абиҧарала еимдо иааргоит иахьа уажәраанӡа. Ианар жәаха, ажьырныҳәа ауха, абиҧара иаҵанакуа зегьы еизоит аҩнаҭа ду аҟны, ажьырныҳәа азгәаҭаразы.

Ажьырныҳәа доусы рыҩнаҭақәа рҿы иазгәарҭоит ажәытәаахыс рабдуцәа ишыддырбаз еиҧш. Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо Леонид Лакоба иҭаацәараҿы ианар жәаха ашьыжь ргәалаҟазаара бзианы аныҳәа аҽазыҟаҵара иалагоит. Аҭаацәа реиҳабы ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа аӡәы игәы акы алсны дҟамларц, дымгәамҵырц азы дырхылаҧшуеит. Избанзар ари аҽны угәамҵыр ҟалаӡом, убжьы рдуны уцәажәар ҟалаӡом. Леонид Лакоба ажьыра амаҵ ауразы инапы иаиркуа зегьы дныҳәаны ауп ишышьҭихуа.
Аҧшәма ҧҳәыс Гульнара Багаҭелиа-Лакоба лакәзар, амш шьыбжьышьҭахьҟа ианнеилак, ажьыра иаҵаркуа амарҭхә азы аҭаацәа заҟаҩы ыҟоу аҟара акәакәарқәа акакан ргәылаҵаны иҟалҵоит, ачааҿақәа ашә ргәылалҵоит. Ажьыра ахәы ҳәа хазы ачашәи, акәакәари, ачааҿеи мҽхакыла иеиҳаны иҟалҵоит. Ацәашьқәа ракәзар, ажьыразы ацәашь ду, быжьцәашьык абыжьныхак рхәы.Иара убас аҭаацәа рыцыԥхьаӡа. Ацәашьқәа зегьы ацәацқьа иалырхуеит. Урҭ ҟаиҵоит аҭаацәа реиҳабы, цхырааҩык дидыргылан.
Лакәараа рыҩнаҭаҿы ишрықәу ала, аҩнра ду идәылҵыз зегьы, дыҷкәыноума, дыӡҕабума ажьырныҳәа ауха араҟа еизоит. Ажьыра ахәы ҳәа иҟарҵо рмарҭхә аларҵоит. Аӡҕабцәа аҭаацәра иалалахьоугьы ажьыра иаҵагылоит, амала рыхшара мап, избанзар урҭ тәым жәлоуп. Иара убас ажьыра иаҵагылаз, рыжәлантә иҧсҭазаара далҵзар, имш ҩынҩажәа ҵхьазар, ашықәсан аныҳәара бжьарыжьӡом.

Аҧшәма ҧҳәыс Гульнара лҭаацәараҿы ажьыра рымоуп, аха аҭаацәара даналала аҩнра дахьнеиз иахәҭоу зегьы арбаҕь, ачааҿа, акәакәар ҟаҵаны лхы дақәныҳәоит хазы.
Леонид Лакоба есышықәса аҿа-маҿа анҭеигало ажьыразы аҩыцқьа ҭеиҭәоит. Абраҟа иазгәаҳҭарц ҳҭахуп ари аҩнаҭаҿы ажьыра иазку аҳаҧшьа шыҵам, абри ҩаҧхьа шаҳаҭра ауеит аҧсуаа ҳҟны ажьырныҳәа азгәаҭара ҩнаҭацыҧхьаӡа дара жәытә-натә аахыс рабацәа, рабдуцәа ишыддырбаз ала ишаауа, рхатә ҵасқәа шрымоу.
Лакәараа рҭаацәараҿы ахацәа рзы есышықәса ажьырныҳәа ауха иршьуеит ашьтәа. Аӡӷабцәа рзы рыцҧхьаӡа арбаҕьқәа рзыршьуеит.
Леонид Лакоба иҭаацәара иманы ажьыра днамҵаныҳәаны данаагьежьуа, иҷкәын знык дхысуеит. Анаҩс аныҳәаҩ ашәшь амахәқәа хҵәаны аҩныҟа иааигоит.
Уи нахыс аҧсуа ҭаацәарақәа зегьы рҟны еиҧш, аишәачара рхианы инатәоит, Ҽаанбзиала ҳәа еибырҳәоит.
Адырҩаҽны ашьыжьымҭан Леонид Лакоба аӡыхь аҟны дцаны, аӡхьамҧш ааганы, дныҳәа-ныҧхьаны аҩны иҩнеиҭәоит.
Аҧсуа жәлар зе­гьы рг­ә­ац­ҧы­ҳәаны имҩаҧырго аныҳәа ду –Ажьырныҳәа Леонид Лакоба иҭаацәараҿы иазгәарҭоит жәытә-натә аахыс рабацәа, рабдуцәа ишыддырбаз еиҧш. Шәышқәсала Ажьыра алҧха рыманы Анцәа иҟаиҵааит! Ҽаанбзиала шәнеиааит аҧсуа жәлар зегьы!

Шарида Торчуа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me