Ишдыру еиҧш, ҭагалан зегь реиҳа ибарақьаҭу ашықәс аамҭоуп.
Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара X Жәларбжьаратәи ашколтә спорт афестиваль амҵышәмпыл еицлабрақәа рыҟны аҭыԥҳацәа рыбжьара аџьазтә медал иаԥсахеит Аԥснытәи агәыԥ.
Аԥсны аҵара Аминистрра аҵаҩцәа арра-патриотизм рылааӡаразы ишьақәыргылоу аусуратә план инақәршәаны, насгьы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵреи, Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵара 15 шықәса ахыҵреи ирызкны аспартакиада мҩаԥган.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны иаатит «Амра ашәахәақәа» ҳәа хыс измоу аԥсуа сахьаҭыхыҩ Борис Ашәба хаҭалатәи ицәыргақәҵа.
Жәлар ракзаара Амш аҳаҭыр азы Ro.TODAY ажурналист диԥылеит Донтәи адгьыл аҟны ааигәа иаԥҵоу аԥсуа диаспора анапхгаҩы Иракли Бжьинаа. Уи Ростовтәи аобласт аҩбатәи иԥсадгьыл акәны иԥхьаӡоит, ҳаҭыр дула дырзыҟоуп Донтәи арегион иқәынхо ажәларқәа зегьы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me