«Сыԥсҭазаара аҵакы – Аԥсны ахақәиҭроуп!»

«...Аԥсуа даԥсуаны даанхаразы, иахьала дахьынхозаалакгьы, Аԥсынтәылан дынха, мшын нырцә дынха, ԥхьаҟатәи иԥеиԥш мҩа иабацәа жәытә-натә аахыс аҳәынҭқаррақәа ахьаԥырҵалоз адгьыл иадҳәалазароуп»

В. Арӡынба

АҦСНЫ АҬОУРЫХ
АҾЫ НАУНАГӠА ИААНХО

Арӡынба Владислав Григори-иҧа диит Аҧсны Аладатәи Ешыра ақыҭан 1945 шықәса маи 14 рзы.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧ­хьатәи Ахада, афилолог, Азиа Маҷ ажәытәӡатәи ажәларқәа, ахәҭакахьала, ахаттцәеи ахеттцәеи рмифологиа, ркультура, рҭоурых азҟаза ду, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, аҭҵаарадыррақәа Адыгатәи жәларбжьаратәи Ракадемиа академик, Жәларбжьаратәи Кондуртәи апремиа алауреат, Аҧсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡара занашьаз диит арҵаҩы иҭаацәараҿы. Аҵара иҵон А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет аҟны (1962-1966 ш.ш.). Уи даналга, дҭалеит СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститут аҟны аспирантура. Ҭҵаарадырратә напхгаҩыс диман адунеи аҿы еицырдыруа аҵарауаҩ Виачеслав Всеволод-иҧа Иванов.
В.Арӡынба акандидаттә диссертациа ихьчеит 1971 шықәсазы, адоктортә – 1986 шықәсазы. Ҭҵаарадырратә усзуҩын, СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститут ажәытәӡатәи Мрагылара аидеологиеи акультуреи рсектор деиҳабын. 1988 шықәса инаркны 1996 шықәсазынӡа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт напхгара аиҭон. Уи авторс дрымоуп аҭҵаарадырратә усумҭақәа 40 инареиҳаны, уахь иаҵанакуеит амонографиақәа, астатиақәа, арецензиақәа. 1988 шықәсазы В.Арӡынба далырхуеит Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, 1989 шықәсазы акәзар – СССР жәлар рдепутатс. Иара убри ашықәсан автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратә, рзинтә статус азы акомиссиа ахантәаҩыс дҟарҵоит, СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум далалоит.
1990 шықәсазы В.Г.Арӡынба Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далхын. Аҧсны иаҿ­агыланы Қырҭтәыла аиб­ашьра иан­алага ин­аркны атә­ыла­хьчара Аҳәынҭқарратә Комитет Ахантәаҩыс дҟалоит, хадарагьы азиуеит Аҧсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара. 1994 шықәса ноиабр 26 рзы В.Г. Арӡынба Аҧсны Ахадас далхын, 1999 шықәса октиабр 3 рзы акәзар, уи жәлары зегьы рыбжьы иҭаны еиҭа Ахадас далырхуеит.
В.Г.Арӡынба аполитикахь дн­еит Аҧсны аҭоурых иуада­ҩӡаз аамҭақәа раан. Аҧсны жәл­ар рзи­нқәа рзы ақәҧара уи иҧсҭазаара зегьы иахадарахеит. Аҳәынҭқарра данахагыла, ахатәҳәаақәҵаразы аҧсуа жәлар ирымаз азин аҧсҭазаараҿы анагӡара напы аиркуеит.
Ҳәынҭқарратә усзуҩык иаҳасабала Арӡынба ихаан даара аҵак ду змаз аусқәа хацыркын, ахәҭакахьала, 1925 шықәсазтәи Аҧсны Аконституциа азыхынҳәра, Аҧсны аҭыҧ хьыӡқәа реиҭашьақәыргыларазы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵара адкылара, Аҧсны атәылахьчара Аминистрра аиҿкаара, аҧсуа ар раҧҵара, ақы­рҭуа-аҧсуа еибашьраҿы Аҧсны аиааира аргара, «Ақырҭуа-аҧсуа еимакы политикала арманшәалара аусмҩаҧгатәқәа рзы Аҳәамҭа» анапаҵаҩра, Егры аҳәааҿы Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рықәыргылара, Аҧсни егьырҭ ареспубликақәа жәпаки реиҩызара, русеицура иазкыз аиқәышаҳаҭрақәа рыбжьаҵара, тәылақәак рҿы Аҧсны ахаҭарнакрақәа раартра, исуверентәу Аҧсуа ҳәынҭқарра Аконституциа ҿыц, иара убас Агерб, Абираҟ, Агимн рыдкылара, ҳәынҭқарратә бызшәаны аҧсуа бызшәа азхаҵара уҳәа егьырҭгьы.
В.Г.Арӡынба алагаламҭа ду ҟаиҵеит ақырҭуа агрессиа ашьҭахь Аҧсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра, аҵара реиҭарҿиараҿы, Аҧсны инхауа ажәлар зегьрыла рырҿиара иазку амилаҭтә политика амҩаҧгараҿы, аҳәынҭқарраҟны аҭышәынтәалареи аҳәоуеиқәшәареи реиқәырхараҿы.
В.Г.Арӡынба иҿыцӡоу Аҧсны аҭоурых аҿы наунагӡа даанхоит ақырҭуа-аҧсуа еиба­шьраҿы ҳажәлар иргаз аиааира да­гәашьамхны.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me