Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Иҭыҵит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 ш. аҵра иазку агазеҭ «Аԥсны» аиубилеитә ҭыжьымҭа.
Ԥшшәы хкыла иҩычоу агазеҭ актәи адаҟьаҿы Владислав Ду ифотосахьеи инысымҩеи кьыԥхьуп. Анаҩстәи адаҟьақәа рҟны аԥхьаҩ иԥылоит жәлар рҵеи изкны иҳәоу, ауаажәларра еиуеиԥшым рхаҭарнакцәа Р.Лашәриа, Г.Аламиа, М.Кьылба, Ал. Крылов, О.Чкотуа, А.Анқәаб уҳәа аӡәырҩы рыгәҭыхажәа. Иара убас, азҿлымҳара зҵоу кьыԥхьымҭоуп Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рышәҟәы «Сара сыԥсҭазаара» аҟнытә, Борис Қаџьиа иазирхиаз анҵамҭа. Аҭыжьымҭа улаԥш аднахалоит анҵамҭақәа хазырҭәаауа Аԥыза ифотасахьақәа.