Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ари зегьреиҳа игәырҕьароу,насыҧла иҭәу,зегьреиҳа ҳаззыҧшыз мшын.Аҧсадгьыл ахақәиҭтәреи Аиааиреи Рымш.
Шықәсык инацны ҳажәлар рымчқәа зегьы еизакны ирылшозгьы,ирылымшозгьы ҟарҵон абри амш арааигәатәразы.
Уи амшгьы ааит ҳреспублика ажәлар,ҳара ҳашьцәа – Нхыҵ-Кавкази,Урыстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рҧацәа рхаҵареи ргәымшәареи ирыбзоураны. Агәаҟ-ҵәаҟра рыҩнаҭақәа рахь ишымҩахыҵызгьы,урҭ ампыҵахалаҩцәа ирарымҳәеит шәахьааз шәца, ҳара азин шәаҳҭом ҳаҩны аимҵәара ҳәа.Ус акәымхеит,урҭ абџьар шьҭыхны аҳәынҭсовет аруаа раасҭа еиҳагьы гәымбылџьбарарала дара зцынхоз,ашкол аҿы аҵара зцырҵоз, згәырҕьареи згәырҩеи рыцеиҩызшоз,заҳәшьцәа,зыҧҳацәа хаҵа изырҭоз ирҿагылеит.Асеиҧш иҟоу ауаа Аҧсныҟа ахынҳәра азин рцәыӡхьеит.Урҭ иҟаҳҵаз азы ҳаҭамзааит ҳәа аҳәара аҭыҧан,иахьа имақаруеит,еиқәтәом.Аха иара убри аамҭазы иҟан ақырҭцәа, Аҧсны зыхьчоз, уи зыҧсадгьыл акәны изыҧхьаӡоз. Урҭ рахьтә аиҳараҩык аҳамҭа дуқәа ранашьоуп.
Цәыббра 30 аҽны раҧхьа иргыланы исгәаласыршәо усҟан атәылахьчара аминистрс иҟаз Сулҭан Сосналиев ихаҿы лаша ауп.1993 шықәса иара убри аҽны уи аӡы сзааигеит,иагьсеиҳәеит ари Егры аӡы шакәу - Аҧсуа ар Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаахьы икылсит.
Аибашьра амшқәа ҳгәаларшәауа,ҳара иҳамбарц ҳалшом уажәы атәылақәа жәпакы Қырҭтәыла арратә кадрқәа рааӡара аганахьала ишрыцхраауа.Рхаҿы иааргома абри азыҳәан урҭ аҭакҧхықәра ирыду? Мшәан,аибашьра аан ақырҭуа арранапхгацәа ирҳәон зынӡаск аҧсуа жәлар рықәхра ишазхиоу.Жәларбжьаратәи азин аганахьала абри ахәшьара шҧаҭатәу.Ҳара абри аибашьраан ҳаниеит агеноцидҵәҟьа .Аха иара убри аамҭазы игеит Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ҳашьцәа рыбжьы ҿаца.Ҳара ҳашьцәа ааит ацхыраара ҳарҭарц,аӡәырҩгьы уи рхы ақәырҵеит.Сшәыҳәоит минуҭктәи аҿымҭрала ҳаҭыр ақәышәҵарц иҭахаз ргәалашәара.
Аиааира анаага аахыс,хәышықәса ҵит.Урҭ ахәшьара рыҭара ауеит еиуеиҧшымкәа.Аха ахәшьара иашаҵәҟьа аҭара зылшо аҭоурых заҵәык ауп.Абри ахәышықәса аҩнуҵҟа Аҧсны иаҿагыланы ишцац ицоит атеррористтә еибашьра.Икаҭәоит аҧсуаа,ақырҭцәа,урыстәылатәи абжьаҟазацәа ршьа.Ҳара абри ҳанышәараны ҳаҟаӡам, иара убасҵәҟьа ҳанышәараны ҳаҟам изакәзаалак џьара акала ирҵабыргымкәа Аҧсны иазыҟаҵоу аблокада.Ааигәа имҩаҧысыз аҧсуа-қырҭуа еиҧыларақәа раан анапы рыҵаҩын акырӡа зҵазкуа ашәҟәқәа.Урҭ нагӡахар, аҭынч ҧсҭазаара иашьаҭаны иҟалоит.Аҵыхәтәаны,ауаа зегьраҧхьаӡа иргыланы Гал араион иқәынхо, ҭынч инхо-инҵуа алшара рыҭатәуп…Ҳара ҳазхиоуп аҭынчреи агәлеимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи рахь амҩа аҧшаара.Иарбанзаалак ажәлар рхыҧхьаӡара маҷзаргьы,ирымоу азинқәа ҳаҭыр рықәҵалатәуп.Уаҩы ахаҿы изаагом Қырҭтәыла аилазаараҿы азин дуқәа аҭаны автономиа аӡбахә аҳәара.Аҧсны астатус ҳәаақәҵоуп 1994 шықәса абҵара 26 азы ирыдыркылаз Аконституциала. Уаҟа Аҧсны ихьыҧшыму, исуверентәу ҳәынҭқарроуп,жәларбжьаратәи азин иасубиектуп.
Акызаҵәык иалшо - Қырҭтәылаҿы еиҟароу азинтә еизыҟазашьақәа заҵәык роуп.Аҭынчра рымазааит Аҧсни Кавказ зегьи рыжәларқәа! Анцәа еиқәирхааит Ҳаҧсадгьыл ҧшӡа!
1998 ш. сентиабр 30